Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа аҭоуба шьҭарҵеит

© SputnikАконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа аҭоуба шьҭарҵеит
Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа аҭоуба шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ҳәа акандидатцәа хәҩык рҟынтәи ҩыџьа алхын Апарламент аҟны абҵара 22 рзы.

АҞӘА, абҵара 29  – Sputnik, Бадри Есиава. Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа Лиудмила Ходжашвилии Рауль Пантиеи ҭоуба руит ламысцқьала Аԥсны аконституциа ахьчараз, ареспублика азакәан хада иқәныҟәаларц. Аҭоубамҩаԥгара ҟаҵан аҩаша, абҵара 29 рзы.

Аҭоубоура далахәын Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара иазгәеиҭеит ареспубликазы иҿыцу ҭоурыхаамҭаны ишыҟоу арҭ алхрақәа.

"Ҳара иахьа раԥхьаӡа акәны Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа рҭоуба ҳаҳаит. Аусура ҳалагеит ҳәа аҳәара уадаҩуп. Уи азы  хҩык ирыдамзаргьы аӡбаҩцәа алхтәын" — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит аӡбаҩцәа ҳәа иахьалхымыз аԥсуа уаажәларра рзы аҵак ду зманы иҟоу ахаҿқәа. Иара иациҵеит асеиԥш аӡбра здызкылаз Апарламент ауп ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ирыдиныҳәалеит, ирзеиӷьеишьеит  рнапы ианҵоу аус аҟны ақәҿиарақәа, рҟазара агәра шиго атәы иҳәеит.

Аԥсны Апарламент адепутатцәа абҵара 22 рзы  Рауль Пантиеи Лиудмила Ходжашвилии алырхит Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәас.

Аӡбаҩцәа ҳәа иара убасгьы ркандидатурақәа ықәыргылан Ҭамаз Қьецба, Иакуб Лакоба, Сергеи Смыр. Аха урҭ абжьызхара рмоуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0