Ҳаџьымба: сара слахьынҵа аоппозициаа рымацара ракәӡам изыӡбаша

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ахада Рауль Хаџьымба
Аԥсны ахада Рауль Хаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла анапхгара ирыдгыло рмитинг азыԥхьагәаҭан аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа амҩаԥгара, аха амшцәгьа иахҟьаны ииаган Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахыбрахь.

АҞӘА, абҵара  30 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазиԥхьаӡоит инапынҵақәа рышьҭаҵараз ишазымхо аоппозициаа рҭахрақәа. Абри атәы иара иҳәеит  Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруааи" аполитикатә партиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афоруми" реизараҟны. Аизара мҩаԥысит абҵара 30, ахашаҽны.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа имҩаԥыргеит аконференциа - Sputnik Аҧсны
Аоппозициа мчқәа: атәыла анапхгара рнапынҵақәа рзынагӡом

"Алхрақәа раан сара сзы зыбжьы зҭииз акыр ирацәаҩуп. Аоппозициаа рымацара азин рымам слахьынҵа аӡбара. Ажәлар зегь еизаны "уқәҵ" рҳәар, саангылом", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иҳәеит иусура иациҵартә амч шимоу. "Сара шәсымжьацт, шәызжьарцгьы сгәы иҭам", — иҳәеит иара.

Ҳаџьымба иара убасгьы иазгәеиҭеит  Москва, ԥхынҷкәын 1 азы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент диқәшәараны дшыҟоу.

"Аиԥылараан  ҳрылацәажәараан ҳаҟоуп аихамҩатә кредит азҵаарақәа. Уи ауалгьы шәо атәыла аекономикагьы рҿио аҟазаара уадаҩуп",  ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.
Иара убасгьы  ишьҭырхраны иҟоуп Аԥсны  афымцаенергетика апроблемақәа.

Афымцамч азҵаара аӡбра аҭахны иҟоуп. Аҭагылазаашьа убас иҟалар алшоит, уаҵәы  ИнгурГЕС ҳхы иаҳзамырхәартә еиԥш", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ахада иазгәеиҭеит аоппозициаа атәыла аекономика шьақәханы иҟоуп ҳәа ирҳәо аиаша ишақәымшәо. Иара убасгьы аиаша иақәшәом Москва атәыла асуверинитет аркьаҿраз ацәажәарақәа мҩаԥгахоит ҳәа иҟоу ацәажәарақәа иҳәеит иара.

Аполитическатә партиа Амцахара - Sputnik Аҧсны
Мизан Зыхәба: аоппозициа ареволиуциа гәҭакны иамам

Аизара иалахәыз азхьеирԥшит аҳәынҭқарра аҿиара мҩа ишану, уи аан ахатәы малқәа ахархәара шрымоу.

"Ҳара аихамҩатә уал ҳәа 900 миллион мааҭ ҳшәахьеит. Маҷ-маҷ иҳақәаҳхуеит уи ауал. Иара убасгьы аҩныҵҟатә уалқәагьы ршәара ҳаҿуп", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иҳәеит атреспубликаҟны аҭагылазаашьа уадаҩны ишыҟоу.

"Ареспубликаҟны ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа уадаҩ шьақәгыланы иҟоуп. Уи азы  аобиективтәи асубиективтәи мзызқәагьы аҭыԥ рымоуп. Аха иҟоуп адыррагьы – амчреи аоппозициеи реицәажәара ада аҽа мҩак ыҟам ҳәа", — иҳәоит Занҭариа.

Ахада иабжьгаҩ иазиԥхьаӡоит Ҳаџьымба инапынҵақәа шьҭеимҵар ҟамло аҭагылазаашьа шыҟам. Еилкаауп ауадаҩрақәа рацәаны ишыҟоу аха урҭ аҭыԥ рықәҵара зегь рҽазыршәоит иҳәеит иара.

Апарламент адепутат Ҭимур Гәлиа  иазгәеиҭеит атәыла Ахада инапынҵақәа неигӡоижьҭеи зныкгьы Аконституциеи атәыла азакәанқәеи еилеимгеит ҳәа.

"Аоппозициаа  иҟарҵоу аҽыԥныҳәақәа ҵаҵӷәыдоуп", — иҳәеит иара.

Адепутат инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла Ахада ишибзоуроу жәларбжьаратәи еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩрала адәныҟатә шәарҭақәа атәыла рцәыхьчара шалыршахаз.

Ахаша, Аҟәа имҩаԥысит изаамҭанытәиу  аполитикатә партиа «Амцахара» аизара. Иараҟны иазыԥхьагәаҭан Аԥсны жәлар реизара ду амҩаԥгара азҵаара  ахәаԥшра.

Ажәабжьқәа зегьы
0