Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа игаз араӡны ҟама аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иарҭеит.
"Еицаҳтәу амузеи ахь есымша шәааира ҳазыԥшуп. Ҳмилаҭ цәамаҭәоума, ҽырԥшӡагоума, иахьанӡа ҳдиаспора еиқәырханы ирымоу ҳжәытә маҭәахәқәа хәыҷы-хәыҷла Аԥсныҟа иахьаарышьҭуа уамеигәырӷьар залшом", – иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа.
Аҟама амузеи иаиҭеит Емрулаҳ Қаԥба. Иара иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла имаҷымкәа аԥсуа жәытә маҭәахәқәа еиқәханы иҟоуп.
"Ирацәаны ҳазхәыцон Аԥсны иатәу, иаанханы иҟоу аматериалқәа реизгара. Имаҷӡам урҭ аматериалқәа Ҭырқәтәыла еизызгогьы, иаарласны амузеи ахь иаарышьҭып ҳәа сгәыӷуеит", – иациҵеит Қаԥба.
Аофициалтә хәҭа ашьҭахь, аԥсуа адиаспора ахаҭарнакцәа идырбан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи злабеиоу аекспонатқәа