Ацәыргақәҵа-инсталиациа "История в действии" мҩаԥган "Склад" аҟны

© Sputnik Анжелика Бения Ацәыргақәҵа-инсталиациа "История в действии"
Ацәыргақәҵа-инсталиациа История в действии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бергхоф ихьӡ зху анемец фонди Гал ақалақь ассоциациа "Авангарди" еицеиҿыркааит Аинтерактивтә цәыргақәҵа-инсталиациа "История в действии": интерактивный подход абхазской молодежи".

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4  – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Бергхоф ихьӡ зху анемец фонди Гал ақалақь ассоциациа "Авангарди" еицеиҿыркааит Аинтерактивтә цәыргақәҵа-инсталиациа "История в действии": интерактивный подход абхазской молодежи". Ацәыргақәҵа мҩаԥган акультуратә ҭыԥ "Склад" аҟны.

Апроект "История в действии" азырхоуп Аԥсны аҿар аҭоурых алацәажәара ралагалара, аинтерактивтә мҩала.

"Ари апроект аҿар роуп иззырхоу. Иара иаҵанакит Аԥсны зегьы. Аҿар волонтерцәак рыҳасабала аус руан. Ацәыргақәҵа ибзианы иунарбоит аԥсуа ҿар ирымоу алшара", — иҳәеит  Оливер Волле, Бергхоф ифонд ахаҭарнак.

Акомандақәа фба ицәырыргеит апроектқәа: "Terra unum", "Неизведанная Абхазия", "Киноманы", "Голос прошлого", "История в трех плоскостях", "Inspiration".

"Апроект хықәкны иаман  жәлар рашәақәа рыларҵәара. Ҳара иаҳҭахуп аҿар  еснагь ажәытә ашәақәа раҳаларц, ирдыруазарц" "Целью нашего лҳәеит апроект  "Голос прошлого" автор Лика Сабуа.

2016 шықәса мшаԥымза аахыс апроектқәа аус рыдырулоит  Аԥсны аҿар рхаҭарнакцәа 25-ҩык.

"Ҳара ҳапроект  "История в трех плоскостях" ахьӡуп. Ҳара ицәыраагеит  еилабгоу аҩнқәа рфотосахьақәа. Иаҳҭахуп аспонсорцәа радыԥхьалара адагьы аҿаргьы азхьаҳарԥшырц урҭ реиӷьтәышьа» — лҳәоит Анна Зарақәуа.

Аинтерактивтә цәыргақәҵа-инсталиациа "История в действии": интерактивный подход абхазской молодежи" мҩаԥган "Склад" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0