Кобахьиа:Аслан Бжьаниа иаанкылара ҳара ҳус алаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукГлава МВД Аслан Кобахия
Глава МВД Аслан Кобахия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аопозициатә политик Аслан Бжьаниа шәачатәи аполициа дааныркылеит аурыс-аԥсуа ҳәаа данахысуаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4  – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны мап рцәыркуеит иарбанызаалак аҳәамҭақәа Аслан Бжьаниа аԥснытәи амчрақәа рыдҵалоуп дшаанкыло ҳәа ирыларҵәо. Абри атәы иҳәеит аминистр Аслан Бжьаниа амҽышаҽны имҩаԥигаз абрифинг аҟны.

Аминистр иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа Урыстәыла дшатәылауаҩу, Шәачеи Москвеи  рҟны анхарақәа шимоу. "Ҳара ҳамчрақәа Аслан Бжьаниа иахь зҵаарақәак рыманы иҟазар, ҳара ианааҳҭаххо аамҭазы Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны урҭ азҵаарақәа иаҳҭар ҳалшон. Агәыларатә ҳәынҭқарра ацхыраарала ҳусқәа ҳаӡбом. Ирҳәо зегьы ихәыцу акоуп". — иҳәеит Кобахьиа.

Ԥхынҷкәын З рзы, аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысраан даанкылан Аслан Бжьаниа, Шәача ақалақь Аҩыҵҟатәи аусқәа русбарҭахь днаган.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Станислав Апсава иҭаз азыҳәа аҭакс аофициалтә дырра ҟаиҵеит. Уи инақәыршәаны  Аслан Бжьаниа Шәача дахьынхоз аҭыԥ аҟны  иԥшаан атапанчаҭра, апатронақәа ацны. Абаллистикатә експертиза ашьақәыргыларала апатронақәа 9 миллиметрак иҟоу акалибр иатәуп, ахысразы ихәарҭоуп. Бжьаниа уи ҵаҵӷәыда иҩны иман.

Абри аганахьала иҿахәы аниҿырх ашьҭахь Бжьаниа ихы дақәиҭттәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0