Амузыкатә проект "Ашәа еицаҳҳәап"

© Sputnik / Томас ТхайцукАмузыкатә проект "Ашәа еицаҳҳәап"
Амузыкатә проект Ашәа еицаҳҳәап - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амузыкатә проект ҿыц "Ашәа еицаҳҳәап" аконцерт мҩаԥысит Аҟәа, ԥхынҷәын 5 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Амузыкатә проект ҿыц "Ашәа еицаҳҳәап" аконцерт мҩаԥысит  Аҟәа, Аурыс драматә театр асценаҟны. "Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳаи сареи аидеиа анҳазцәырҵ, Мадина ажәалагала ҟалҵеит апроект "Ашәа еицаҳҳәап" ҳәа ахьӡызаарц. Уажәы имҩаԥысыз ахԥатәи асезон аформат аҽакхеит. Уажәы ҳара ҳаиндаҭлаӡомызт.  Апрофессионалтә шәаҳәаҩцәеи ҿыц ашәаҳәара адунеи инҭалаз ахәыҷқәеи сценак аҟны еицықәгыланы рҟазара ахәаԥшыҩцәа иддырбон. Иҟалараны иҟоуп иааидкыланы ф-концертк", — лҳәоит  апроект автор Хьыбла Мықәԥҳа.

Хьыбла Мықәба - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Мықәба: апроект "Ашәа еицаҳҳәап" ахықәкы аԥсуа ашәақәа рӡыргара ауп

Лара лажәақәа рыла апроект хықәкны иамоу аԥсуа ашәақәа рыларҵәароуп, рӡыргароуп.

"Апроект идеиа хаданы иамоу аԥсуа ашәақәа ҳаамҭа иақәшәо азыӡырыҩцәа рыдгалароуп, ауаа рыларҵәароуп. Асеиԥш иҟоу апроектқәа аԥаразоужьра маҷымкәа ирҭахуп. Аамҭақәак рзы уи иахҟьаны ҳпроект ԥкын, аха нас  аспонсарцәа рыбзоурала  иацаҳҵеит", — лҳәоит Хьыбла.

Апроект ахԥатәи асезон авторцәа ргәаанагарала уаанӡатәиқәа ирыԥнагароуп аиҿкаашьалеи аҷыдаралеи.  РУСДРАМ асценаҟны иқәгылан аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәеи Аҟәа ақалақь амузыкатә студиақәа рааӡамҭацәеи.  Аиҿкааҩцәа иаздырхиеит апрограмма ҭбаа.

"Сара Аԥсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа ашәа лыцысҳәон. Инаҳагӡеит  "Сыхаара Апсны" захьӡу ашәа. Арепетициақәа раан аума, ара асценаҟны аума, даара сгәы хыҭ-хыҭуан. Исылшоз зегь ҟасҵеит апроект авторцәа смырԥхашьарц", — лҳәоит апроект алахәыла Диана Џьынџьалԥҳа.

Ашәаҳәаҩ Саида Габниаԥҳи Софиа Адлеиаԥҳаи инарыгӡеит  10 шықәса раԥхьа Саида илҩыз ашәа "Уа уоуми".

"Ари асезон агәахәара ду узҭоу акоуп. Асценаҟны ахәыҷқәа урыцықәгыланы ашәаҳәара агәеиҵыхра узаанагоит. Аҭакԥхықәра дугьы ацуп", — лҳәоит Саида.

Абри амш аҽны аконцерт ахь инеиз ахәаԥшыҩцәа  аныҳәа ду рзырхиан. Дара ракәзаргьы рцәаныррақәа рҵәахуамызт.

Зегьы еицырдыруеит ашәа, амузыка бзиа азыӡырыҩра шгәахәара дуу. Апроект ҿыц аҟыбаҩ бзиа злоу аҿар цәырнагеит, амҩа рнаҭеит. Асеиԥш иҟоу апроект иалахәу ахәыҷқәа  ирҭаххоит ԥхьаҟагы аҟазара ацәхьамҵра. Аконцерт акәзар иџьашьатәын, ҳәа лҳәоит  ахәаԥшҩы Мадина Ҳаразиаԥҳа.

Хьыбла Мықәԥҳам Мадина Аргәынԥҳаи рмузыкатә проект аԥсуа естрадахь ицәырган 2013 шықәса рзы.

 Аконцерт афотосахьақәа шәахәаԥшыр шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0