Ажәытәан аҳәса зегьы аџьыка аҳаҟьа иқәырхыхуан

© Sputnik / Томас ТхайцукАжәытәан аҳәса зегьы аџьыка аҳаҟьа иқәырххон
Ажәытәан аҳәса зегьы аџьыка аҳаҟьа иқәырххон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан аҳаҟьаҿы аҳәса аџьыка зырхуаз еиԥш, ҳазҭагылоу аамҭазы иҟазҵо рхыԥхьаӡара маҷуп. Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан инхо Алла Сабуа-Чычба лассы-лассы акәымзаргьы, зны-зынла аџьыка аҳаҟьа иқәылххоит. Аҳаҟьаҟны аџьыкҵәаҵәа аҟаҵашьа иамоу акәамаҵамарақәа Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭалҳәеит.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа

Ҩышә-шықәса  зхыҵуа  аҳаҟьа

Ҳазҭагылоу аамҭазы аҳаҟьаҿы аџьыка зхыхуа аҳәса рхыԥхьаӡара маҷуп. Аҳаҟьа иаԥсахит аџьыкахра аус зырмарио, аха ахаҭабзиареи агьамеи лазырҟәуа амаҭәахәқәа. Аҷандара ақыҭан инхо Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа акыр шықәса ҵуеит апырпыл рацәаны еиҭалҳауеижьҭеи, аџьыка кьыла рацәала иҟалҵоижьҭеи.

"Аамҭа аҿыцра аналагала акәацхыхыга анцәырҵ, аҳаҟьала аџьыка ахыхра ҳаҟәыҵит, аха литрак-ҩлитрак сара схазы, аҩны афара азы иқәысхыхоит. Уи агьама акгьы еиԥшӡам, ахәша еиԥш иҟоуп. Ажәытә аҳаҟьаҿы иаҳхыхуаз аџьыкеи уажәтәии ргьама узеидкылом, аха аџьабаа ацуп азы ҳацәхьаҵит. Ус рҳәоит аџьыка мыцхәы уфар угәабзиара иаԥырхагоуп ҳәа, аха аҳаҟьаҿы иухыхуа аџьыка, хымҧада агәабзиаразы хәарҭара алоуп. Ус ишыҟоу агәра шәсыргоит", — абарҭ ажәақәа рыла ихацыркын сара ажәытәра сагәылаԥшра, аҳаҟьаҟны ирыхыхуа аџьыка иамоу акәамаҵамарақәа реилкаара.

Аџьыка аҟаҵашьа афотосахьқәа шәахәаԥшыр шәылшоит абра>>

Аџьыка аҟаҵашьа авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр шәылшоит абра>>

Аԥшәмаԥҳәыс ҳҭыхратә гәыԥ зегь рыла лҽеиқәыршәаны, лҽазыҟаҵаны дазыԥшын. Иҭбааӡа иҟоу аԥсуа ԥацха апырпыл рыԥхрақәа рыла иҭәын, аҳаҟьеи аԥхныгеи ракәзар ирыцқьаны акәакь игҿагылан. Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа иахьа уажәраанӡа еиқәырханы илымоу аҳаҟьа дахыҽхәаны илҳәоит ланхәа ишылҭынхаз атәы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа аџьыка аҟаҵара
Приготовление аджики в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа аџьыка аҟаҵара

"Санхәа д-Ешԥҳан, уи лан д-Арланԥҳан дара рҟынтәи исзынхаз ауп ари аҳаҟьа. Иааидкыланы иуԥхьаӡар уажәшьҭа иара иахыҵуеит  ҩышә-шықәса. Абас шьҭрала пату ақәҵаны иааҳгоит. Егьараан исарҳәахьеит икабмыжьуа ҳәа, аха иабасԥырхагоу, гәаларшәагоуп, иаԥсыуароуп. Иара аҳаҟьа азыҳәангьы ахаҳә ус баша иназықәшәалак алырхӡомызт, ҷыдала џьара иҵырхуан", — ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсуа ҳәсақәа дуқәа ажәытәан, еиҭалҳәоит аԥшәмаԥҳәыс, зегьы аџьыка  аҳаҟьа иқәырххон, уи ипатуун, ичеиџьыкын, иаԥсыуаран.Алла Сабуа-Чычба лажәақәа рыла, раԥхьаӡа аҳаҟьаҟны аџьыка ххышьа лларҵеит лан, анаҩсан ланхәа иаалымданы аџьыка лыххуан.

"Сан рыцҳа аҳаҟьаҟны аџьыка рацәаны илхыхуан, аџьабаа шылбоз збон. Уи азы иаалымданы сара сналагон. Ус Чычаа ргәараҭаҿы санаанага санхәа исыло лбоит ҳәа аҳаҟьа сықәылҵеит. Саргьы акы саҵамхандаз ҳәа схы аасырԥшит. Исгәалашәоит ҩаха-хаха снапы аӡы иӡаакаланы искын, иҭаланы исыхьуан", — ҳәа дыхлафааны илгәалалыршәоит лара.

Ажәытәуаа аџьыкҵәаҵәа ҳәа акәын ишашьҭаз иахьа аџьыка ҳәа ҳзышьҭоу, лҳәеит Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа.

Ҩышә-хышә апырпыл рыԥхра

Иахьа адунеи аҟны ирацәоуп аџьыка аҟаҵашьа авариантқәа, аха аԥсуа жәытәла традициатәла ишыҟаиҵо акгьы иалаҩашьом.  Ицаҳәцаҳәо иҟоу аџьыка бзиа злырхуа апырпыл ауп. Есышықәса анхара ианаамҭоу аԥшәмаԥҳәыс ҩ-нызқь метра рҟынӡа апырпыл еиҭалҳауеит. Апырпыл ажәла илылхоит раԥхьа, аиҭаҳара аамҭа анааилак ирҵәыӷьаны икалыԥсоит. Апырпыл еиҭалҳарц ахьылҭаху адгьыл аазырхианы еиҭалҳауеит. Хынтә илрашәоит, уи аамышьҭахьгьы ҳаскьын цырак аламкәа апырпыл лрыцқьоит.

"Апырпыл аныҟаԥшьхалакь ашьҭахь иҿыхуа ирыԥхо, абас арыԥҳрақәа кнасҳауеит аԥацхаҿы. Алҩаҵә аҵыршо икнаҳауп абра. Шықәсык ҩышә-хышә рыԥхра хысшьоит. Ҩышә рыԥхра аҟынӡа инназымга акгьы сымоуп ҳәа исыԥхьаӡаӡом, апырпыл смоуит ҳәа исыԥхьаӡоит", — ҳәа лҳәоит лара.

Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа лажәақәа рыла, ирацәаҩны илазҵаауеит апырпыл арыԥхрақәа зыԥхасҭамхои ҳәа. Маӡас иҟоу акы ауп лҳәоит лара, апырпыл арыԥхрақәа алҩа аҵыршатәуп, ибзиаӡаны ирҩатәуп. Аџьыка агьамагьы даҽакалагьы иҟалоит. Иҟамлацт апырпыл ҿамлеит, иԥхасҭахит сҳәо иҟаланы, иазгәалҭеит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукАпырпыл  ҟаԥшь
Красный перец - Sputnik Аҧсны
Апырпыл  ҟаԥшь

Аҳаҟьа иқәхыху аџьыка амаӡақәа

Аҳаҟьа аџьыка ықәухыхырц уманшәалахарц азы акәамаҵамарақәа дыртәуп. Раԥхьаӡа иргыланы махәҿыла уӷәӷәазар ауп, ахаа-мыхаа, аӡы, аџьыкхыш ишахәҭоу еибыҭазар ауп. Литрак аџьыка ухыхырц азы аҳаҟьа сааҭк еиҳаны уқәзар ауп.

"Аҳаҟьа иқәысҵоит апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа ауҭраҭыхжәлақәа. Раԥхьа апырпыл бзианы иҟәаҟәатәуп, иара аҟәаҟәара иаҭахуп амч. Нас иаҭаху ахаа-мыхаақәеи аџьыкхыши асҭоит. Аџьыкхыш ибзианы иаҭатәуп. избанзар ахаҳәи ахаҳәи рыбжьара иара ауп изхыхуа апырпыл. Шаҟа ииашаны еибыуҭо аҟара ирласны унапаҿы иааиуеит. Блала ауп ишеибысҭо сара амала. Аџьыкхыш маҷны иамазар ауп ианакәызаалак, избанзар аԥсуа џьыкҵәаҵәа аџьыкхыш маҷны иамазар ауп, агьама агоит ҳәа иԥхьаӡоуп", — ҳәа амаӡақәа еиҭаҳәо иаҳлырбон аҳаҟьаҟны аџьыка ахыхышьа Алла Сабуаԥҳа- Чычԥҳа.

Араҳана, акама, акәлындыр ажәла аԥшәмаԥҳәыс илхыххо аџьыка иазхаратәы лхала иаалрыхуеит. Уимоу, дахыҽхәаны илҳәоит лан лҟынтәи илзынхаз аԥсуа аџыш жәла 46 шықәса имырӡкәа ишаалго.

"Аҳаҟьаҟны аџьыка аилалара ианалагалак ибаҟаӡа иҟамларц азы аӡы аҭатәуп, ижәпаӡа иҟалар иманшәалахаӡом. Абысҭа шаҟа еилурхо аҟара ихаахоит рымҳәои, абас ауп ари аџьыка шыҟоугьы. Акәацхыхга ирласны иалаҟауҵоит, аха аҳаҟьаҟны иухыхо аџьыка акгьы еиԥшӡам", — ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсуа инхараҿы имариоу ҳәа акгьы ыҟаӡам, зегьы уацныҟәар ауп ашәашәигьы, акәтгьы, арахәгьы зегьы уааӡароуп, лҳәоит Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа. Аԥсуара акажьра ҟалом, аамҭа иманшәалоу арҿыцрақәа ҳаднагалозаргьы,  ҳәа лҳәеит, ақыҭаҿы акырӡа аџьабаа змоу, аԥсуара пату ақәызҵо, иныҟәызго Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа ҳаиҿцәажәара хырқәшо.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа аџьыка аҟаҵара
Приготовление аджики в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа аџьыка аҟаҵара

 

Аџьыкҵәаҵәа  аҭоурых

Акыр шықәса уажәаԥхьа, ааԥынра аамҭазы, ахьшьцәа арахә рыманы ашьха ианкыдлоз, аԥшәмацәа арахә зтәыз аџьыкхыш рыҭаны ирышьҭуан. Избанзар аџьыкхыш арахә ирфар, аӡы рацәаны иднаржәуеит, ибзианы иарҳәуеит, иагьрыцнаҵоит ҳәа иԥхьаӡан. Усҟантәи аамҭазы аџьыкхыш аиура цәгьан, зегьы ирзаахәомызт. Убри аҟынтә, зырахә ашьха иказцоз ауаа, рыхьшьцәа ирцәырымӷьычырц азы, ирырҭоз аџьыкхыш апырпыл ҟаԥшь алаҵаны иҟарҵон. Ишырҳәо ала, убрантәоуп иахьаауа аԥсуаа, афатә ҟаҵаразы рхы иадырхәо апырпыл џьыка ҟаԥшьы ахьӡ. Ус ишнеинеиуаз апырпыл цьыка ҟаԥшьы ауҭраҭыхжәлақәа аларҵо иалагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0