Амра Амҷԥҳа.
Ателеилахәыра "Абаза-ТВ" адиректор хада Руслан Ҳашыг иазгәеиҭеит амультимедиатә портал Sputnik Аԥсны ацәырҵра егьырҭ еиуеиԥшым аинформациатә маҵзурақәеи ахыҵхырҭақәеи реиндаҭлараҿ хра змоу аспектны ишырзыҟалаз.
"Раԥхьа иргыланы уи зыдҳәалоу аоперативтә усуроуп, аинтерес змоу арубрикақәа роуп. Sputnik, аинформациатә материалқәа рнаҩсангьы аԥхьаҩ иднагалоит аинтерес змоу афото, авидео – мҩаԥгарақәа. Арҭ зегьы иахьа атәылаҟны аус зуа егьырҭ аинформациатә маҵзурақәа ирылукаауа иҟанаҵоит – иҳәеит Руслан Ҳашыг. – Sputnik Аԥсны сара аԥснытәи аинформациатә ҵакыраҟны аус зуа журналисттә команданы исыдыскылоит".
Ҳашыг иажәақәа рыла, аамҭамаҷла Sputnik Аԥсны егьырҭ аинформациатә АИХ-қәа ирацлабыртә еиԥш аусура шьақәнаргылеит.
"Ателеилахәыра "Абаза-ТВ" Sputnik аус ацнауеит раԥхьатәи амш инаркны. Ҳжурналистцәа ракәзар аинырра бзиа рымоуп. Аҭыԥ амоуп аусуратә адагьы ауаҩытәыҩсатә фактор. Ари угәы иахәаша акоуп", — иҳәеит Руслан Ҳашыг.
Руслан Ҳашыг иҳәеит иаарласны ишалшо "Абаза-ТВ" и Sputnik Аԥсны апроектқәа еицымҩаԥырго аҟалара.
"Сара исымоуп аидеиақәа. Урҭ ҳахәаԥшцәеи Sputnik аԥхьаҩцәеи аинтерес рызцәырнагап ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит "Абаза-ТВ" адиректор хада.
Агазеҭ "Республика Абхазия" аредактор хада Иури Ҟәырасқәуа Sputnik Аԥсны аусура "бзиоуп" ҳәа ахиҳәааит.
"Ибзиоуп, избанзар Sputnik аамҭа иақәшәо аусура мҩаԥнагоит. Асаити асоциалтә ҳақәеи рахь инашәышьҭуа ажәабжьқәа аоперативра рылоуп. Sputnik ласуп, ицакуп", — иҳәеит Ҟәрасқәуа.
Агазеҭ "Эхо Абхазии" аредактор хада Витали Шариа амультимедиатә портал Sputnik Аԥсны ареспублика аинформациатә ҵакыраҿы илагала бзиоуп ҳәа ишьоит.
"Раԥхьа иргыланы иазгәасҭар сҭахуп аоперативтә усура. Sputnik Аԥсны асаитқәа рҿоуп еиҳа иласны иахьцәырҵуа атәылаҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку ажәабжьқәа. Уи адагьы, атематикатә диапазон ҭбаауп. Агәахәара унаҭо еиҿкаауп апортал аинфографика, аколумнистцәа рықәгылара", — иҳәоит Шариа.
Sputnik (sputniknews.com) — жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатәи аинформациатәи хабқәа амоуп. Sputnik ашҟа иаҵанакуеит асаитқәа, арадиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәа, иара убас, асоциалтә каҭақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik, англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла иҭыҵуеит. Sputnik асаитқәа аԥхьаҩ идыргалоит: авидео, аинфографика, афоторепортаж, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Аоперативтә жәабыжьқәа рыдагьы Sputnik иакьыԥхьуеит аналитикатә материалқәа, аексклиузив интервиуқәа.