Чамагәуаԥҳа: акультуратә ҵаралашаратә-ҵараиурҭа сышҭаз, хәыҷык салкааны сырбо иалагеит

Анапаҵаҩра
Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны иаҧҵоу аҭыҧҳацәа рвокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартистка Роза Чамагәуаԥҳа 70 шықәса лхыҵит.

"Аҟәатәи акультуратә ҵаралашаратә-ҵараиурҭа сышҭаз, хәыҷык салкааны сырбо иалагеит. Ражден Гәымба аҵараиурҭаҟны аус иуан, ҽнак зны исеиҳәеит, ахәынҭқарратә ашәаҳәареи, акәашареи ансамбль ахь баҳгар ҳтахыуп, быбжьы бзиоуп иҳәеит. Сара мап сымкӡеит, аха саб ииҭахымхеит аҵара сышҭаз аусурагьы салаго, аха Ражден Гәымба Абгархәык дцаны саб еиҳәеит, уи мап имкӡеит", — лҳәеит Роза Чамагәуаԥҳа.

Ашьыжь аусурантәи дшааилак еиԥш, лыбжьы аалырԥшоит амузыкатә рҳәагақәа зегьы рырхиашьа гәалҭоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0