Лаҭатәи арыцҳара ргәаладыршәон Гәдоуҭа

© Sputnik Бадрак АвидзбаЛаҭатәи арыцҳара ргәаладыршәон Гәдоуҭа
Лаҭатәи арыцҳара ргәаладыршәон Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭан, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы, агуманитартә реис мҩаԥызгоз Урыстәылатәи аверталиот Ми-8 ақырҭуа гвардееццәа аехсны икарыжьит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭан, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы, агуманитартә реис мҩаԥызгоз Урыстәылатәи аверталиот Ми-8 ақырҭуа гвардееццәа икарыжьит. Ари арыцҳара иаланҵәаз ргәаладыршәоит иахьа Аԥсны.

Гәдоуҭа иҟоу абаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, атәыла анапхгара, ареспублика ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

"Абри амш ҳаԥсҭазаараҿы реиҳа ирыцҳараз амшқәа ируакхеит. Ҳажәлар ахааназ ирхашҭуам ҳазлагылаз ашьаарҵәыра. Асеиԥш иҟоу арыцҳарақәа ахааназ уаҳа ҭыԥ рмоуроуп. Хашҭра рмоуроуп аибашьра иаланҵәаз, харада иҭахаз", — иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц.

Зыԥҳаи зыԥҳәыси аверталиот иҭаблыз Ԥақәашь ақыҭан инхо Ирод Ҳашба еизаз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иҳәеит иҭахаз ргәалашәара ахааназ ишнаӡаӡатәхо.

"Есышықәса абаҟахьы иааиуа ауаа рхыԥхьаӡара еизҳауеит. Зегь аманшәалареи аҭынчреи шәзеиӷьасшьоит. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Гәдоуҭа анапхгара, ҳара ҳзы иԥшьоу абри аҭыԥ нап адкылан иахьрымоу азы", — иҳәеит иара.

Иахьа арахь иааиз ашколхәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьон, иргәаладыршәон дара ирықәлаз, аверталиот иҭаблыз ахәыҷқәа.

© Sputnik Бадрак АвидзбаПамять жертв Латской трагедии почтили на мемориале в Гудауте
Память жертв Латской трагедии почтили на мемориале в Гудауте  - Sputnik Аҧсны
Память жертв Латской трагедии почтили на мемориале в Гудауте

Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭан, 1992 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы, агуманитартә реис мҩаԥызгоз Урыстәылатәи аверталиот Ми-8 ақырҭуа гвардееццәа аехсны икарыжьит.

Иҭахеит 87-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рыгәҭа иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, 8-ҩык зцәа зтәымыз аҳәса. Иҭахаз рыԥсыбаҩқәа Гәдоуҭатәи апарк аҟны анышә иамадоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0