00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҭарба: амандаринақәа рыхә акаҳара зыхҟьаз ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аартроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба сынтәа ацитрус шәырқәа рыхә акаҳара зыхҟьаз атәы далацәажәеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Sputnik акорреспондент аинтервиу иҭо Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба иҳәеит аҭыԥантәи ацитрустә шәырқәа рыхә акаҳара зыхҟьаз ҭырқәтәылатәи аџьармыкьа аатроуп ҳәа.

"Ҭырқәтәыла аганахь ала Урыстәыла аекономикатә санкциақәа анаԥнаҵа, аимпортԥсахра Аԥсны акыр иацхрааит. Аԥснытәи ацитрусқәа ԥынгыла рымамкәа Урыстәылаҟа експорт ҳасабла ирышьҭуан. Уажәы аҭагылазаашьа аҽеиҭанакит", — иҳәеит иара.

Сынтәа арендатә наплакқәа азыхиоуп амандаринақәа 25-30 мааҭ ҳәа рыҭира. Ҵыԥх акәзар, ари ахәԥса 45-50 мааҭ рҟынӡа артәон.

"Аахәаҩцәа маҷхеит. Сынтәа аҽаҩра ахаҭабзиара иаԥырхагахеит аԥсабара ахаҭагьы. Шамахамзар арҭ аамҭақәа рзы асеиԥш ахьҭеи аҵааи ҟаломызт", — иҳәеит Ҭарба.

Еизгоу аалыҵ акәзар ахышәа-ҵышәа 23-25% роуп иҟоу иззыԥшыз аҽаҩра аасҭа, ҳәа азгәеиҭоит аминистр.

"Ирацәоуп иҭагалам аҽаҩра. Ауаа амшқәа бзиахозар ҳәа иԥшуп", — иҳәеит ҭарба.

Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар сынтәа 1650 тонна рыла еиҵоуп иҭаргалахьоу.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Аԥсны иҟан 6 000 гектар рҟынӡа ацитрусқәа, иахьазы урҭ рхыԥхьаӡара – 1 200 гектар рҟынӡоуп иҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0