АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аекономика аминистрраҟны аус адырулеит аиҿкаара-експортиорцәа адгылара рызҭо аблокқәа хԥа. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Баҭал Ҭарба.
"Аблокқәа хԥа — аинформациа-консультациатә блок, аиҿкаара адгылара аблок, афинанс дгылара аблок аус рыдулоуп. Зегь раасҭа аинтерес рымоуп аиҿкаара адгылара аблоки афинанс дгылара аблоки.
Раԥхьа иргыланы адгылара раҳҭарц ҳагәҭакуп аекспортиорцәа, ареспублика абанктә система аҟынтәи акредитқәа рыҭара амҩала", — иҳәеит Ҭарба.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит аминистрра аус зыднаулаз хықәкылатәи апрограмма ззырхо аҳәаанырцәтәи аџьырмыкьахь Аԥснытәи атауар акылгара знапы алаку шракәу.
Апрограмма иазыԥхьагәанаҭоит иара убасгьы иҷыдоу аиҿкааратә механизм, иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа аилацәажәаратә органк аҳасабала.