Валери Агрба. Ашьхақәа иԥсы рызцеит

© © flickr.com/ Аԥсны ашьхатә туризм аексперт Валери Раиф-иԥа Агрба идунеи иԥсахит
Аԥсны ашьхатә туризм аексперт Валери Раиф-иԥа Агрба идунеи иԥсахит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьхатә туризм аексперт Валери Раиф-иԥа Агрба идунеи иԥсахит ԥхынҷкәын 14 рзы, 75 шықәса дшырҭагылаз.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа.

"Аԥсны ашьхатә туризм алегенда иԥсҭазаара далҵит", "ашьхақәа дрықәлахозшәа аабон", "ашьхақәа рыԥшәма дҳацәцеит", "иԥсы аҭынчреи ацқьареи ахьыҟоу ашҟа ицеит", — абас рыҩуеит Валери Агрба ифотосахьа аҵаҟа дыздыруаз, иаалырҟьан иҟамзаара згәаҵӷа ҿнаҵәаз зегьы Феисбук адаҟьақәа рҟны.

Жәамш раԥхьа, ԥхынҷкәын 4 рзы иҩызцәа, иқәлацәа, аус ицызуаз Валери Раиф-иԥа идырныҳәалон иубилеи.

"Валери иҟамзаара агәрагара уадаҩуп. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы иҳацәцақәаз иреиуоуп Роберт Лабахәуа, Гиви Смыр, Сократ Воуба. Уажә урҭ дрыцлеит Валери Агрбагьы. Ари даара ицәыӡ дууп", — иҳәоит аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

Асовет аамҭақәа раахыс Валери атуризм аусхк инапы алакын. Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахьгьы атуристтә мҩақәа ирҿысуаз мҩаԥигон, Аԥсны аԥшӡарақәа дирбон.

Валери Агрба —еиԥш зеиԥшу аинструктор Аԥсны дыҟамызт.

"Аинструкторцәа ҿарацәа азыҟаиҵон, иԥышәа рымеидон. Иара иааӡамҭацәа иахьа ашьхақәа рыда ԥсҭазаара рбом", — иҳәеит Ахба.

Изныкымкәа далахәын "Ишьхатәылоу Аԥсны" аекспедициақәа.

"Ишьхатәылоу Аԥсны" автор Ҭенгиз Ҭарба изы Валери Агрба зыԥсы ҭоу легендан.

"Валери Раиф-иԥа, шәара ҳара ҳзы зыԥсы ҭоу легендан. Гәыкала бзиа шәаабон. Аҵыхәтәантәи шәымш аҟынӡа ҿырԥшыган шәҳаман", ҳәа иҩуеит Ҭенгиз Ҭарба асоциалтә ҳа аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0