Sputnik информациатә партниоруп НТВ аканал аҟны имҩаԥысуа аконкурс "Ты суперзвезда!" аҿы

© SputnikТЕФИ занашьоу Вадим Такменев.
ТЕФИ занашьоу Вадим Такменев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконкурс "Ты суперзвезда!" иалахәхоит ахәыҷқәа рыҩнқәа, ашкол-интернатқәа рҟны аҵара зҵо, аҭаацәарақәа рахь ааӡара иргаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19, Sputnik. Апресс-маҵзура – аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ахәыҷтәы вокалтә конкурс "Ты суперзвезда!" азы жәларбжьаратә информациатә партниорхеит. Иара хацыркхоит 2017 шықәса рзы.

Sputnik аԥхьаҩцәа ироуеит алшара ашоу аҟынтәи ажәабжьқәа рыԥхьара, алахәылацәа рдырра, апроект алшарақәа реилкаара. НТВ апроект ҿыц "Ты суперзвезда!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшра алшара рнаҭоит. Иара иалахәхар рылшоит ахәыҷқәа рыҩнқәа рҟны ирааӡо, ашкол-интернатқәа ирҭоу, ус аҭаацәарақәа рахь ааӡара ирго ахәыҷқәа. 7 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа апрофессионалтә жиурии миллионҩыла ателехәаԥшцәеи рҿаԥхьа рҟазара аадырԥшуеит. Урҭ аус рыдырулоит иреиӷьу амузыкатә продиусерцәа, аҟазауаа.

"Ты суперзвезда!" мҩаԥигоит ТЕФИ занашьоу Вадим Такменев.

"Ҳара аефир аҟны акастинг рылаҳҳәеит. Ирацәаҩуп иақәҿызҭыз. 800 рҟынӡа зыҳәа ҳауит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Вадим Такменев.

Ахәыҷқәа аконкурс ралахәра иадҳәалоу ахарџьқәа рыдагьы ателерадиоеилахәыра НТВ ахахьы иагоит аиҿкаарагьы. Ахәыҷқәа апрограммақәеи аҽазыҟаҵарақәеи раан рҭыхра адагьы еиҿкаауп ирацәаны еиуеиԥшым аныҟәарақәа, аиԥыларақәа.

"Ты суперзвезда!" аларҵәахоит Урыстәыла Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра иҟанаҵо адгыларала. Ахы инаркны ахәыҷқәа ирыцзаауеит амедицинатә персонал, арҵаҩцәа, аԥсихологцәа.

Аконкурс аҽалархәразы ашәҟәқәа рыдкылара мҩаԥысуеит. Азыҳәа аҟаҵара зҭаху ирылшоит: ҭелла амаҵзура апродиусер Амина Лазԥҳа лыҽрымардар (+7 (940) 926 00 00), мамзаргьы аелектронтә ԥошьҭа a.lazba@sputniknews.com ала ашәҟәы нарышьҭыр.

Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит НТВ асаит аҟны.

Sputnik (sputniknews.com) — жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатәи аинформациатәи хабқәа амоуп. Sputnik ашҟа иаҵанакуеит асаитқәа, арадиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәа, иара убас, асоциалтә каҭақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik, англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла иҭыҵуеит. Sputnik асаитқәа аԥхьаҩ идыргалоит: авидео, аинфографика, афоторепортаж, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Аоперативтә жәабыжьқәа рыдагьы Sputnik иакьыԥхьуеит аналитикатә материалқәа, аексклиузив интервиуқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0