АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы изынанашьҭит ԥхынҷкәын 19 рзы Анкара ақалақь аҟны иҟалаз атеррористтә акт инадҳәаланы.
Адашшыларатә шәҟәаҟны иаҳәоит:
"Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны гәалсрыла ирыдыркылеит Анкара ақалақь аҟны иҟалаз, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс иҟаз Андреи Карлов ишьра иадҳәало арыцҳара аӡбахә. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атерроризм иаҿагылоит иагьақәыӡбоит. Агәрагара ҳамоуп ацәгьара зуз ирыхәҭоу иақәыршәахоит ҳәа. Андреи Карлов ихьӡ адипломатиа аҭоурых иазынхоит ҿырԥшык аҳасабала. Андреи Геннади-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи ҳрыдашшылоит", ҳәа.
Абри атәы аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа аофициалтә саит.
Ԥхынҷкәын 19 рзы, Анкара ақалақь аҟны Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩс иҟаз Андреи Карлов иехсит. Аамҭақәак рышьҭахь Ацҳаражәҳәаҩ иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Иҟалаз ахҭыс террористтә актны ишьоуп.