Ҷыҭанааԥҳа: адискқәа ирну ыҟоуп, акассетақәа ирну ыҟоуп, ажәытә бабинақәа ирну иҟоу

© SputnikДырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵааратә институт афольклортә лабороториа аиҳабы Хьыбла Ҷыҭанааԥҳа
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵааратә институт афольклортә лабороториа аиҳабы Хьыбла Ҷыҭанааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аԥсуа ҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аиҳабы Хьыбла Ҷыҭанааԥҳа Нонна Ҭхәазԥҳаи лареи реиҿцәажәараан илҳәеит дара рлабороториаҿы ишышьҭоу хәы змаӡам жәлар рҿаԥыц иарҿиаз рдырра, рҟәыӷара, рԥышәа, рлаф, рџьа абзазара иарҿиаз аҳәамҭақәа ҳәа.

Sputnik, Нонна Ҭхәазԥҳа

Алабораториа аусзуҩцәа русура хықәкы абарҭ аматериалқәа реиқәырхара, ҳаамҭазтәи аформала иазнеины ацифрахь аиагара ауп. Уажәшьҭа ҩбаҟа шықәса ҵуеит убри аформала аус руеижьҭеи, аха уи аҟара ирацәаӡам макьана аус здырулахьоу, шәкы иазынаԥшуа атекстқәа ацифрахь ииаргахьеит, аха Хьыбла Ҷыҭанааԥҳа уи маӡуп ҳәа илыԥхьаӡоит. Избанзар аамҭа иахҟьаны ибжьысуа рацәоуп. Араҟа хәы змаӡам аматериалқәа ҳзышьҭоуп.

"Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҿы еизыргаз хәы змаӡам аматериалқәа рзышьҭоуп аԥсуа ҭҵааратә институт афольклортә лабораториаҿы. Урҭ адискқәа ирну ыҟоуп, акассетақәа ирну ыҟоуп, ажәытә бабинақәа ирну иҟоуп", — ҳәа лҳәеит Ҷыҭанааԥҳа.

Ари алабороториаҿы иара убас ишьҭоуп авидео архив. Есышықәса афольклор аҟәша, аетнологиа аҟәша, абызшәа ҭҵаара аҟәша рҽеибаркны акомплекстә експедициа мҩаԥыргоит. Убрантәи иаарго авидео материал зегьы ари алабороториаҿы иааргоит. Дара уи аҭыԥ иқәырҵоит. Аматериалқәа рызҭаз аоригиналқәа ыргежьны наҟ ирырҭоит.

Дара акопиақәа ааныркылоит. Иара убас афотосахьақәа рацәаны ирымоуп аекспедициақәа рҟынтәи иааргаз. Иҟоуп убас Ҭырқәылынтәи иааргаз авидео, афотоматериалқәа рацәаны ирымоуп ари алабораториаҿы.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Шьоҭа Салаҟаиа 1970-тәи ашықәсқәа рзын еизигаз аматериалқәа риҭеит ари алабораториа ашҟа. Урҭ акьыԥхь рымбаӡац. Уаҟа иҟоуп ҳаамҭазы иуникалтәу аматериалқәа. Араҟа иҟоуп афольклортә материалқәа, алафқәа, аетнографиатә материалқәа, аритуал, аныҳәарақәа ирыдҳәалоу рацәаӡаны.

Аԥсуа ҭҵааратә институт аусзуҩцәа еизырго аматериалқәа зегьы ари алабораториаҿы иаанагаӡом. Избанзар, аԥсуа ҵарауаа хатәрақәа ирымоуп рхатәы проектқәа. Амала рматериалқәа ркопиақәа ари алабороториа ашҟа иааргоит. Аха дара рыпроектқәа рҟны рматериалқәа рхала иҭрыжьуеит. 

Арҭ аматериалқәа аус рыдызуларц зҭаху аҵарауаҩ дарбанзаалак ихы иаирхәарц илшоит урҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0