Ҷыдала ирыхьчоу Аԥсны аԥсабаратә ҵакырадгьылқәа дҳазрылацәажәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабареи рыхьчаразы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа ҳкорреспондент Амра Амҷыԥҳа данлыҿцәажәоз.
Аԥсны ахылаԥшра ҷыда астатус змоу аҵакыра дуқәа хԥа ыҟоуп урҭ атәыла аҵакыраҟынтә 10% ааныркылоит. Арахь иаҵанакуеит: Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарреи Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарреи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки.
2017 шықәса рзы арҭ аҭыԥқәа ирыцлараны иҟоуп Кәыдрытәи амилаҭтә парк.
"Аӡиас Кәыдры ахы ахьакуа иалагоит Кәыдрытәи амилаҭтә парк Шәқәырчатәи аучасток. Уаҟа ирызҳауан ашыц бнарақәа. Ааигәа ицәырҵыз амцаԥшьхәаҷа ҳәарада аԥырхага ду арҭеит. Ушьҭа еиқәурхо ҳәа акгьы ыҟан иҟам", — иҳәоит Аԥсны аекологиеи аԥсабареи рыхьчаразы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Кәыдрытәи амилаҭтә парк аҳәааи Урыстәылатәи Афедерациа иатәу ҭебердатәи аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра аҳәааи еивоуп. Ҷыҭанаа иажәақәа рыла арҭ аҵакырақәа ирызкны аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы азырхиара иаҿуп.
"Ишдыру еиԥш афауназ аполитикатә ҳәаақәа ыҟаӡам. Иаԥҵатәуп аԥстәқәа, аԥсаатәқәа рхы иақәиҭны анахь-арахь иныҟәаларц. Аиқәшаҳаҭра акәзар абри аиҭанеиааира ҳәаақәызҵо документны иҟалоит", ҳәа иҳәеит ареспублика аеколог хада.
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра, Аԥсны иҟоу егьырҭ аҳәырԥсаррақәа раасҭа ишьҭаханы иҟоуп иҳәоит Ҷыҭанаа. Уаҟа ашыцра зынӡа иқәӡааит, акәырша акәзар, ибааит.
"Аобиект аҳәынҭқарра иахьчо обиектзар, ахкаарагьы бзианы иамазароуп. Аҳәырԥсарра ахкаара акәзар абжа бааит, абжа ааигәа инхоз еимырҵәеит. Ахкаара аныҟамла аҩнытә рахәгьы уахь иҭалоит. Уи адагьы ашыц анықәӡаа, иара иахьазҳауаз адгьылқәа ршара хацдыркит тәылауаақәак. Иҟоуп агәраргара сынтәатәи ашықәс азы аҳәырԥсарра ишахәҭоу иҭахкаахап ҳәа. Усеиԥш атәыла аиҳабыра ирзыҟаҵар, аҳәырԥсарра еиқәырхахоит", — иҳәеит иара.
Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аԥҵан 1885 шықәса рзы. Амшын инаваршәны ицо аура ишьақәнартәоит 7 километрак, аҭбаара 900 метра иҟоуп. Аҳәырԥсарраҟны ирызҳауеит 800 инареиҳаны ҵиаа хкы. Урҭ рҟынтәи 20 хкы Ашәҟәы ҟаԥшь ианҵоуп.
Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәырԥсарра аԥҵан 1978 шықәса рзы. Иара реиҳа зызнеира цәгьоу ҭыԥуп азы уахь инеиуа ауаагьы маҷуп.
"Анцәа иџьшьоуп усеиԥш иахьыҟоу. Ахьчарагьы уадаҩрак алаӡам. Зны-зынла аԥсқьарцәа шәарыцара ҳәа уахь ихалалоит аха урҭгьы ирдыруазароуп аҳәырԥсарра аԥсабаратә хьчара шамоу", — иҳәеит Ҷыҭанаа.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аԥҵоуп 1996 шықәса рзы. Уаанӡа ара иҟан Риҵатәи аҳәырԥсарра, 1930 шықәса рзы. Иара 39 000 гектар артәоит.
Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу аҳәырԥсаррақәа Риҵатәи аарылукаартә иҟоуп. Ара иҟоуп арекреациатә зонақәа. Арахь ааира азин рымоуп атуристцәа. "Асовет аамҭақәа раахыс арахь ихагалан амҩаду, иаԥҵан аинфраструктура, иаартын адачақәа. Атуристтә Мекка ҳәа азуҳәартә иҟоуп. Иахьагьы Риҵатәи апарк ахашәалахәқәа абиуџьетеиҿкааратә хәҭаҷқәа ируакуп", ҳәа еиҭеиҳәоит Ҷыҭанаа.
Аеколог иажәақәа рыла Риҵатәи апарк аҟны иара убасгьы аҭҵаарадырратә усурақәа ахьымҩаԥырго аҟәша аартуп.
Аилак ахантәаҩы иазгәеиҭоит Аԥсны аԥсабара ахьчара, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рымадара шхымԥадатәиу ауаа рыхшыҩ иазнагатәуп. Уи иалацәажәалатәуп, аӡбахә ҩлатәуп. Ашықәс ҿыц аламҭалазы аԥсаӡқәа рыԥҟара ҟалом ҳәа атәыла аиҳабыра ақәҵарақәа шрыдыркылогьы уи аҭыԥ аман. Иара ишиҳәо ала иаԥҵатәуп апитомник ҷыда, аԥсаӡқәа рааӡарҭа.
"Зегьы ақәшаҳаҭуп апитомник аартра, аха макьаназы аԥаразоужьра аиҿкаара уадаҩны иҟоуп. Абри азҵаара аҭыԥ иқәҵахаанӡа аԥсаӡқәа рыԥҟарагьы аанкылашьа аиуам", ҳәа иҳәоит аеколог.
1997 шықәса раахыс есышықәса, ажьырныҳәа 11 Урыстәыла иазгәарҭоит Амилаҭтә ҳәырԥсаррақәеи Амилаҭтә паркқәеи Рымш.