Урыстәыла аладатәи арратә Округ изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла аладатәи арратә Округ
Урыстәыла аладатәи арратә Округ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аладатәи арратә Округ арратә база аруаа изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧыргоит. Дара ирҵоит ахысырҭа ҭыԥқәа ралкаашьа, абџьар ахархәашьа, арратә ҟәшақәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҟны реинырра шымҩаԥыргаша.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20— Sputnik. Урыстәыла аладатәи арратә Округ арратә база аҿы изаамҭанытәиу азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит. Дара ирҵоит ахысырҭа ҭыԥқәа ралкаашьа, абџьар ахархәашаь, арратә ҟәшақәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҟны реинырра шымҩаԥыргаша. Урҭ имҩаԥырго атеррор аҿагыларатә зыҟаҵарақәа 2017 шықәса рзы 10 процентк иҳаракхоит. Абри атәы ҳзаанацҳаит Аокруг апресс-маҵзура.

"Азыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәуп 100-ҩык рҟынӡа аруаа, ҳаамҭазтәи атехника 10 цырак инареиҳаны. БТР-82АМ ҳәа изышьҭоу акәылӡтранспортиорқәеи, КамАЗ "Мустанг" ҳәа изышьҭоу акәылӡмашьынақәеи ахархәара рыҭоуп. Аруаа разыҟаҵарақәа рзы, иара убас ахархәара рыман автоматқәа АК-74, напылатәи Калашников ипулимиотқәа, 20 цыра инареиҳаны ИМ-120 ҳәа хыс измоу аимитациатә рҭҟәацгақәеи, ардырратә ракетақәа жәабеи, 3 нызықь инареиҳаны ахы зҭам апатронқәеи. Аусбарҭа иҟанаҵо аинформациала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан аус рыдулан ихәу аибашьцәа актәи амедицинатә цхыраара рыҭара аԥҟаррақәа. Иара убасгьы аҽазыҟаҵарақәа раан "атеррористцәа" иқәдыргылаз арԥжәагақәа ықәган. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аамҭа-аамҭала, аруаа рдыррақәа реизырҳаразы, рԥышәа амырӡразы", — ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

2016 шықәса рзы абаза аррамаҵзурауаа имҩаԥыргеит зқьы инареиҳаны ҽазыҟаҵареи тактикатә ҵаратә уснагӡатәқәеи.

Ииасыз ашықәс азы еиуеиԥшым арратә ҟәшақәа еиӷьыртәуан рхысратә дыррақәа, акәылӡытранспортиор БТР-82АМ, атанкқәа Т-90А, Т-72БЗ, «Градқәа», аминамиотқәеи агаубицақәеи рҟынтәи ахысрақәагьы абрахь иналаҵаны.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Гәдоуҭеи, Нагвалоуи, Ҵабали (Аԥсны Аҳәынҭқарра) Краснодартәи атәылаҿацәи Астрахантәи аобласти (Урыстәылатәи Афедерациа) апалигонқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0