Sputnik, Амра Амҷԥҳа.
Шәачатәи аолимпиада ашьҭахь адунеи иадырит Аԥсны аӡбахәгьы. Кореиатәи аполитехникатә университет апрофессор Шан Сон Де Кореиа дахьыҟаз иаҳаит рмилаҭтә команда ақәгылара иалацәажәоз Кореиатәи ажурналист ирепортажқәа рҟынтәи Аԥсны аӡбахә.
"Арепортаж аҟны Аԥсны аӡбахә рацәак шҳәамызгьы, иаабоз асахьақәа шырацәамызгьы иаразнак сыхнахит. Аинтернет аҟны аинформациа аԥшаара салагеит. Уигьы рацәамхеит. Исыӡбеит сылала зегь збарц. Абар, ара сыҟоуп", — иҳәеит Шан Сон Де.
Шан Сон Деи иҩызцәеи иаабац туристцәаны иҟам. Дара ирымоуп рхатә метод —аибадыршьаз, атәыла адыршьаз, аилкаашьаз. Сеул инаркны Москванӡа жәа-сааҭк иԥыруеит аҳаирплан, нас Москвантәи Шәачанӡа аҽа ҩ-сааҭк амҩа уқәхоит. Дара Ԥсоу ианахыслакгьы атакси ала акәымкәа азеиԥш транспорт ала иаауеит Аԥсныҟа.
"Автобусқәа рыла ҳныҟәоит, ахатәы сектор аҟны ҳаангылоит. Ус еиҳа иаадыруеит аҭыԥантәи ауаа, аԥсуа жәлар рқьабызқәа еиҳа аилкаара ҳзымариоуп. Ара зыҟны уҟоу реиԥш агәылацәагьы акаҳуажәра унарыԥхьоит, афатә-ажәтә удыргалоит. Сара даара исгәаԥхеит аԥсуа ҟәыд. Кореиатәи ачысхәқәагьы апырпыл рылҟьоит. Ачашә акәзар – аиԥш ыҟам", — иҳәеит Шан.
Шан иҩызцәеи иареи Аԥсныҟа ианаауа, зны Гагра иаангылоит, аҽазны Гәдоуҭа, Афон. Уажәы дара Мрагыларатәи Аԥсны аган аҭҵаара рыгәҭакуп. Ирҭахуп мчыбжьык аҟара Очамчыра иаангыларц, нас, Тҟәарчалҟа ицоит.
Ҩы-шықәса раԥхьа Шан Гәдоуҭа диабадырит Давид Дасаниа.
"Давид Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа: Риҵа, Афонтәи аҳаԥы, аныхабаа рахь ҳаигеит-ҳааигеит. Риҵа акыр иԥшӡоуп, аҳаԥы акәзар, иџьоушьартә иҟоуп. Сара ахаан аҳаԥы сҭамлацызт", — иҳәоит Шан.
Кореиаа уаанӡа аԥхынтәи аамҭақәа рзы акәзар ианаауаз, уажәазы дара ирыӡбеит аӡынразы Аԥсны иаҭаарц.
"Аԥсны аԥсабара ианакәызаалакгьы еиҭаҳәатәуп. Ауаагьы рыҟазшьа кыр аԥхарра аҵоуп. Зехьынџьара ибзианы ҳрыдыркылоит, аҩныҟа ҳнарыԥхьоит. Аҩны ҳаҟоушәоуп ҳшыҟоу", — ҳәа азгәеиҭоит Шан.
Игәы иалоуп 2010 шықәса рзы Аԥснытәи ансамбль "Шьараҭын" Сеул ианықәгылоз иара Аԥсны аӡбахә ахьизымдыруаз.
Шан Сон Де — ароботргылара аусхк аҟны дҟазауаҩуп, адизаин инапы алакуп. Дазыхиоуп иԥышәа ҳамадара. Иара ҳҭагылазаашьа бзианы еиликаауеит, избанзар Аладатәи Кореиагьы аибашьра иахысхьеит.
"Кореиагьы аибашьра иахысхьеит. Шьаҭанкыла еиларбган. Уажәы Кореиа ҳәынҭқарра ӷәӷәаны ашьапы иқәгылоуп. Аибашьра ашьҭахь уахь иҳазнеиуан арҵаҩцәа, аргылаҩцәа, аҳақьымцәа. Иҳацхраауан. Саргьы исҭахуп издыруа шәымаздарц, ишәсырҵарц. Агәра згоит Аԥсынгьы Кореиееԥш аҿиара аман иҟалап ҳәа", — иҳәоит апрофессор.
Шани иҩызцәеи рдырыҩцәа асувенирқәа рзыршоит, акореи ашәақәа рзырҳәоит.
"Абасеиԥштәи аиныррақәа рҟноуп ауаа иаҳа иахьеилибакаауа, иахьеибадыруа", — иҳәоит Шан.
Шан Аԥснынтәи итәылахь даныхынҳәа иҩызцәа, идырцәа еснагь Аԥсны аӡбахә рзеиҭеиҳәоит.
"Аԥсны ауаа бзиақәа нхоит", — иҳәеит Шан ҳаиҿцәажәара хыркәшо.