Аԥсныи Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсныи Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп
Аԥсныи Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Приднестровие атәылауаа ироуеит алшара Аԥсны аҵакырадгьыл визада иалаларц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik. Приднестровие Апарламент Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит. Абри атәы аанацҳауеит Приднистровиатәи Молдавиатәи ареспублика аҿы иҟоу Аԥсны аофициалтә хаҭарнакра.

"Иахьа Приднестровие Иреиҳаӡоу Ахеилак аҟны имҩаԥысит Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура. Аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Приднестровие атәылауаа ироуеит алшара Аԥсны аҵакырадгьыл ахь визада иаарц", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

2016 шықәса мшаԥымза 1 инаркны Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны ареспублика аҵакырадгьыл алаларазы авизақәа рымазароуп, Аԥсни зҳәынҭқарреи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы аиқәшаҳаҭра зыбжьоу атәылақәа руааԥсыра рыда зегьы. Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа абри аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит 2016 шықәса ԥхынҷкәын 29 рзы.

Аиқәшаҳаҭра ацҵа инақәыршәаны Приднестровие атәылауаҩ Аԥсныҟа даарц азы имазароуп ПМА (ПМР) дшатәылауаҩу зҳәо апаспорт, ма адипломатиатә ма амаҵзуратә паспорт, мамзаргьы СССР апаспорт. 16 шықәса иреиҵоу ахәыҷқәа рзы иаҭахуп аиразы аршаҳаҭга.

Ажәабжьқәа зегьы
0