Гагра араион Ахада: акурорт аҭыԥантәи ауҭраҭыхи ашәыри рыла еиқәҳаршәоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГагра араион Ахадара ахаҭарнакцәа 2016 шықәсазы русура аихшьаала азыруит
Гагра араион Ахадара ахаҭарнакцәа 2016 шықәсазы русура аихшьаала азыруит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион Ахадара ахаҭарнакцәа 2016 шықәсазы русура аихшьаала азыруит, иалацәажәеит 2017 шықәсазтәи рыпланқәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 27– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цандрыԥшьи Сальма ақыҭаҿи ауыҭраҭыхааӡарҭатәи ашәырбаҳчатәи фирмақәа аԥырҵараны иҟоуп, иҳәеит Гагра араион Ахада АРСМИРА аҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны.

"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит ахәԥсақәа заҟа илаҟәхо аҟара атуристцәа рхыԥхьаӡара шырацәахо. Аха ҳара ҳҟны иахьазы зегь рыхә ҳаракуп, избанзар Аԥсны ақыҭанхамҩа даара ишьҭаханы иҟоуп. Аҳәаанырцә ашәыри ауҭраҭыхи ааҳамхәаларц азы ҳқыҭанхамҩа шьҭыхтәуп", — иҳәеит иара.

Пицунда ҿырԥшны иааганы Бганба иазгәеиҭеит, Аԥсны ишыҟоу алшара асезон азы шәырлеи уҭраҭыхлеи аԥсшьаҩцәа реиқәыршәараз.

2016 шықәса рзы Гагратәи араион апланқәа инарыцҵаны инанагӡеит. 2016 шықәса рзы араион аҟны атуризм аусхк ада ааглыхреи ахәаахәҭреигьы аҿиара роуит.

"Ҳәарада атуризм актәи аҭыԥ аҟны игылоуп аха егьырҭ аусхкқәагьы маҷ-маҷ аҿиара роуа иалагеит", — иҳәеит Бганба.

2016 шықәса рзы Гагратәи абнанхамҩеи алкоголь злам арыжәтәқәа рҭыжьыҩцәеи рырбагақәа даара ишьахәын ҳәа азгәеиҭеит Бганба. Иара убасгьы иҳәеит аинвестициатә программала имҩаԥыргоз аусурақәа зегьы шынарыгӡаз.

"2017 шықәса рзы иацҵахоит ақалақь ӡыла аиқәыршәаразы аусурақәа, акаҭран ашьҭаҵара. Арҭ аусурақәа ирзырхахоит 600-700 миллион мааҭ аԥара", ҳәа азгәеиҭеит Ахада.

Заур Бганба дазааҭгылеит ареспубликаҟны аӡазы проблема ыҟамкәа аҳәаанырцәынтәи аӡы ахьаарго азҵаара. Ари аҭагылазаашьа ԥсахтәуп иҳәеит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0