Надараиа Галтәи амитинг азы: амҩа 28 километра аура ыҟоуп, аха анысра цәгьан

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион Ахада Ҭимур Надараиа ахҳәаа аиҭеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Набакиа" аркра иахылҿиааз ахҭыс, араион ауааԥсыра имҩаԥыргаз аҿагыларатә акциа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ауаа аҭагылазаашьақәа ирышьцылоит. Иҟалап дарбанызаалак иҭахызар иҩны дындәылҵны аҳәаа ахысра илшозар, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ааигәаны иҟазар иҳәеит Надараиа радио Sputnik аинтервиу аҭо.

Асеиԥш ззин ҟаҵам аизарақәа ԥхьаҟазы иаԥырҟәҟәаахоит.

"Ҳара асеиԥш аусқәа аԥҳарҟәҟәаалоит. 16, 20, 25 километра рҟынӡа ахьыбжьоу ААП (КПП) "Егры" аҟынӡа анеира уаҩ дашьыртә иҟам. Насгьы, зегьы еицыжәдыруеит Егры иаваршәны ицо аҳәынҭқарратә ҳәаа рыӷәӷәатәуп ҳәа иҟоу агәаанагара", — иҳәеит иара.

Убри инақәыршәаны ҩышықәса рыҩныҵҟа имҩаԥысуан аусурақәа, иныхын аԥара, апостқәа раркра ашьҭахь аҳәаа иаԥынны инхо ауаа аушьҭырҭатә ҭыԥ ахь рнеира маншәаланы иҟаларцаз.

"Амҩа 28 километра аура ыҟоуп, аха анысра цәгьан, иԥхасҭан, машьынала ахысразы ҩбаҟа сааҭ аҭахын", иҳәеит Надараиа.

Атәыла Ахада идҵала амҩа аиҭашьақәыргылара иазоужьын 153 миллион мааҭ. 2016 шықәса, аԥхынразы амҩа аремонт азун.

"Абри ашьҭахь Ахада ҳнапы ианиҵеит аинфраструктура аиӷьтәра, автобус акәзар ибжьаҳҵеит", — иҳәеит иара.

Иара убри аамҭазы аушьҭырҭатә ҭыԥ аҟны иацҵахеит ауаа рахысырҭатә ҿхышәқәа. Ауаа аҭагылазаашьа еилыркаауеит. Изгәамԥхо ҳәа иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥ "Набакеиа" ааигәа-сигәа инхо роуп.

"Уаҟа ари аҭыԥ абизнес алырхит", — иҳәеит Надараиа.

Гал араион ақыҭақәа зегьы рҟынтәи аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" ахь иныҟәоит автобусқәа.

Ажьырныҳәа 25 рзы Гала араион ауааԥсыра рыхәҭак имҩаԥыргеит изакәанмыз аизара, автотранспорт аныҟәара ааныркылеит. Урҭ аҿагылон аушьҭырҭатә ҭыԥ "Набакиа" аркра.

Ажәабжьқәа зегьы
0