АҞӘА, ажьырныҳәа 30 — Sputnik. Аҩны шкәакәаҟны Владимир Путини Дональд Трампи ҭелла реицәажәара ахә ҳаракны иршьеит, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Путини Трампи реицәажәара Америкатәи Аштатқәеи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа реиӷьтәразы аҵак ду аманы иҟоуп. Арҭ аизыҟазаашьақәа хымԥада еиҭашьақәыргылатәуп", ҳәа аҳәоит Аҩны шкәакәа апресс-маҵзура аҳәамҭаҟны.
Америкатәи аган иара убасгьы иазгәанаҭеит апрезидентцәа рҩыџьагьы реицәажәара ашьҭахь ишроуз агәыӷра аусеицурагьы алыршахап ҳәа. Ари раԥхьатәи еицәажәароуп Дональд Трамп президентс далырхижьҭеи.
Аҩтәылак рхадацәа алацәажәеит еиуеиԥшым азҵаарақәа Шьамтәылеи Украинеи рганахьала, ирзааҭгылеит араб-израильтәи аимак, ирантәи аиадертә программа, Кореиатәи аҭагылазаашьа. Путини Трампи иара убасгьы иазгәарҭеит атәылақәа рыбжьара наҟ-ааҟгьы иеицырзыфеидоу ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәа шышьақәыргылатәу.