Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валери Агәмаа

© Sputnik Томас ТхайцукДень памяти жертв Кавказской войны.
День памяти жертв Кавказской войны. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны апроект "Лица Победы" афырхацәа руаӡәк Валери Агәмаа 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа еиҳа-еиҳа имаҷхоит. Урҭ аҽа дунеик иазцоит ара иҟоу аԥсҭазаараеи ахақәиҭреи рзеиқәырханы. Валери Агәмаагьы дреиуоуп Адунеи ажәларқәа афашизм иацәызыхьчаз.

Агәмаа далгеит Аҟәатәи абжьаратә школ № 2, иара убасгьы дроушьҭымҭан амузыкатәи абалеттәи школқәа. 1943 шықәса рзы афронт ахь дцеит. Иара иԥҳа Марина ишылҳәо ала Валери бзиа ибаӡомызт аибашьратә хҭысқәа рылацәажәара.

"Ҳаниҟәамҵӡалак иҳәон афронт аҟны аимадаҩцәа дышрылаз, урҭ ар раԥхьа игыланы аимадара шеиҿыркаауаз. Аҩны иҳаман альбом. Уа иагәылан саб ицеибашьуаз рфотосахьақәа", ҳәа еиҭалҳәоит Марина.

Валери Агәмаа азенит-артиллериатә полк далан деибашьуан.

"Ҳполк аиҿкаараан америкатәи ахархәагақәа рыла ишеиқәыршәазгьы арадиостанциа иаразнакы иахьықәыдмыргылаз иахҟьаны авиақәжәыларақәа ртәы иаразнакы иҳаҳауамызт. "Юнкерс-87" раԥхьатәи ажәылараанҳарԥарцәа, раԥхьаӡа акәны аӷа ибла иҭаԥшыз, аҭак изрымҭеит. Анцәа иџьшьаны аӡәгьы дҭамхеит. Арадиостанциақәа анҳау, еиҳа имариахеит. Аӷа ҳаизыԥшуан, ҳажҳархион", ҳәа игәалаиршәон Агәмаа Мраҭашәаратәи Украина, ақалақь Дубнаҿ дзыниаз раԥхьатәи аидыслара аӡбахә.

Валери еиҭеиҳәон афронт аҟны агармошка ахәмарра амч шинаҭоз. Аамҭақәак рышьҭахь иара арадиостанциа аиҳабыс дҟаҵан. Украинантәи Валери дызлаз аполк ииаган Польшаҟа, нас — Румыниа, Венгриа, Чехословакиа, Австриа рахь.

Валери иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит акьыба чымазара.

"2016 шықәса рҟынӡа иара имч ҭан. Акәашара, агимнастика, атлетика ласы инапы рылакын", ҳәа еиҭалҳәоит Марина.

Валери Агәмаа иҭынхеит ҩыџьа аԥҳацәа, хҩык амоҭацәа. Ианашьан Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II аҩаӡара, амедалқәа "За боевые заслуги", "За победу над Германией", "За взятие Будапешта", "За взятие Вены".

Ажәабжьқәа зегьы
0