Сонер Гогәуа: Аԥсныи Иорданиеи инхо аԥсуаа русеицуразы ԥырхага ыҟаӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция в хабе Sputnik Абхазия
Пресс-конференция в хабе Sputnik Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьарныҳәа 12 инаркны 16-нӡа "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа напхгара ззиуаз Аҧснытәи аделегациа Иорданиа иҟан. Русура аҳәаақәа ирҭагӡаны Иорданиа хырхарҭа рацәала аиҧыларақәа мҩаҧыргеит, абри атәы рҳәеит аделегациа алахәылацәа аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны имҩаԥыргаз апресс конференциаҿы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсныи Иорданиеи инхо аԥсуаа русеицуразы ԥырхага ыҟаӡам, абри атәы иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа, Sputnik Аԥсны апресс центр аҟны имҩаԥгаз апресс конференциаҿы.

"Ҳара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аусзуҩцәа аинтерес ҳаман Иорданиатәи ҳауаажәлари, ҳаибабареи, ҳаиҭанаиааиреи. Уахь ҳцара раԥхьаӡа акәны ҵакыс иаман Иорданиа инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳусеицура ҳалацәажәарц. Аԥсныи Иорданиеи инхо аԥсуаа русеицуразы ԥырхага ыҟаӡам", — ҳәа иҳәеит афонд ахада Сонер Гогәуа.

Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, Иорданиа инхо аԥсуаа рхаҭарнакцәа акырӡа аҳаҭыр рымоуп, дара-дара еидгылоит.

"Ҳдиаспора апроблема ҳара аинтерес ҳамоуп. Иаартны исҳәарц сҭахуп, Иорданиа иаԥсуа-адыга диаспора еиҿкааны ишыҟоу еиԥш, ҳара џьара еиҿкааны ахеилак ҳамаӡам. Иорданиа инхо ачерқьес диаспора хаз-хазы еиҿкааны ирымоуп ахеидкылақәа, иҟоуп урҭ зегьы еидызкыло ассоциациа, уи даараӡа дара амч рынаҭоит. Иара убас, Ҭырқәтәылеи ҳареи иаҳзеиҿымкааз аус ателехәаԥшра аганахьала, Иорданиа аус еиҿкаауп, дара ирымоуп рхатәы телехәаԥшра Нарҭ, ирымоуп рхатәы школ", — ҳәа азгәеиҭеит иара. 

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Сонер Гогәуа иажәақәа рыла аделегациа ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит Амман ақалақь аҿы имҩаҧысыз ачерқьесқәа рцентр аиҳабы иалхрақәа. 

"20 инарзынаҧшуа хырхарҭа рацәала аиҧыларақәа ҳрылахәын, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан аҳәынҭқарратә усзуцәа, абизнесменцәа, ҳдиаспора рхаҭарнакцәа. Иорданиатәи апарламент адепутатцәеи ҳделегациеи реиҧылараҿы ишьҭыхын Аҧсны ахьыҧшымра азҵаара", — ҳәа ациҵеит иара.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аиҳабы агәра ганы дыҟоуп, аԥсуаа ахьыҟазаалакгьы урҭ Аԥсны иадԥхьалатәуп, аимадарақәа арӷәӷәара аҭахуп, ҳәа.

Аҧсны аекономика аминистрра иатәу аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа иазгәеиҭеит, Иорданиа аекономика аҿиара аҩаӡара акыр ишыҳараку.

Иорданиатәи аныҟәарақәа реихшьаала ҟаҵо, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуа иҳәеит, иаарласны Аҧснынтә Иорданиаҟа ҳџьынџьуаа аҧсшәа дырҵаразы арҵаҩцәа шдәықәҵахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0