Sputnik, Рада Ажьиԥҳа
Ажьырныҳәамза 17 инаркны 28-нӡа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа – афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба, апрофессор Оҭар Ӡиӡариа, адоцентцәа Баҭал Хагәышьи Диана Џьынџьал-ҧҳаи Ҭырқәтәыла ақалақьқәа Сакариеи Диузџьеи рҟны иҟоу ауниверситетқәа ирҭааит, аҿари дареи аиԥыларақәа жәпакы мҩаԥыргеит.
Аҵарауаа ражәақәа рыла, хықәкыс ирыман Сакариеи Диузџьеи рҟны иҟоу ауниверситетқәа рҭаара, аҧсуа ҿар рҧылара аиҿкаара, дара Аҧсныҟа рхьарҧшра, анаҩс Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны рҵара иацырҵартә еиҧш алшара шрымоу деилыркаара.
"Ҭырқәтәылантәи астудентцәа ҳауниверситет ахь рымаара зыхҟьоз азеиԥш нхарҭа амамзаара акәын. Ишыжәдыруа еиԥш азеиԥш нхарҭа ҳаздыргылеит, ҳауниверситет акопиталтә ремонт ҟарҵеит, иҳамоу алшарақәа маҷӡам, абарҭқәа зегьы раҳҳәоит ҳәа ҳрызцеит Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа. Аиԥыларақәа рацәаны имҩаԥган Ҭырқәтәыла ақалақьқәа жәпакы рыҟны", — ҳәа иҳәеит апрофессор Оҭар Ӡиӡариа.
Ҳазԥылаз дарбанзаалакгьы иҟаз акгьы мӡаӡакәа ираҳҳәеит ҳауниверситет иамоу алшарақәа, иҳәеит Ӡиӡариа.
"Ҳара ҳхықәкы хадақәа ируакуп аҧсуа диаспора рҟынтәи ҽааны ҳуниверситет иҭалаша аҿар ҳҵараиурҭа аҭагылазаашьеи алшарақәеи рзеиҭаҳәара, реилыркаара, урҭ рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ашәқәа еснагь ишаарту, гәахәарыла ирыдыркыларц шрылшо, аҵаразы ишырзаҧҵахо алшарақәа зегьы, нхарҭа ҭыҧла реиқәыршәара азҵаарагьы убрахь иналаҵаны", – ҳәа иазгәеиҭеит Арда Ашәба.
Сакариеи Диузџьеи руниверситетқәеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҵарауаа алекциақәа ирыҧхьеит аҧсуа бызшәеи, алитературеи, афольклори рызҵаарақәа ирызкны.
"Аԥсны абызшәа апроблема ыҟоуп шаҳҳәогьы иҳамоуп аԥсышәала ицәажәо ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, ауниверситет, атеатр. Ҭырқәтәыла аԥсуаа рхыԥхьаӡара 500 нызқь-ҩык ишынарзынаԥшуагьы абызшәа аҵараҿы, ахархәараҿы апроблема ӷәӷәаӡаны ирымоуп. Аҭагылазаашьа бзиаӡам аиашазы, ас иахьа излаҟоу ала. Ҳаргьы иҳагу рацәоуп, аха дара рҿы аԥсуа дырнеқьқәа рахь инеиуа рхыԥхьаӡара маҷуп. Абарҭқәа зегьы абызшәа аҵара, аҳаразы иаԥырхагоуп. Иӡбатәу азҵаарақәа рацәоуп ҳмилаҭ еиқәхарц азы", — ҳәа ацыиҵеит Оҭар Ӡиӡариа.
Ҭырқәтәыла аԥсуаа рхатәы бызшәа дзырҵо рацәаҩуп, рҳәеит аҵарауаа. Аԥснынтәи ицаз астудентцәа рнаҩсан, уаҟа аҭаацәара иалалаз инадыркны. Дара ишеиҭарҳәаз ала, 20-ҩык инареиҳаны абызшәа аҵаразы аклассқәа рахь инеиуеит аԥхьаӡа, аха аҵыхәтәанынӡа иныҟәо 4-5-ҩык роуп.
"Ԥыхьа, егьырҭ ашықәсқәа рзы, аԥсуаа реиҳарак ақыҭақәа рҿы инхон, иахьеилынхоз зегьы аԥсыуаан, рыхшаарагьы аԥсуа бызшәа раҳауан. Иахьа даҽакала иҟоуп, реиҳараҩык ақыҭақәа ирылҵны ақалақь ахь ицеит нхара. Ақалақь аҿы уаннеилак, иуаҳауа абызшәа хазхоит, уи иаҵанакуа рацәоуп. Иахьа аҿар 25-30 шықәса зхыҵуа иԥсыҽны, мамзаргьы зынӡа ирыздырӡом рхатәы бызшәа. Уи проблема дуӡӡоуп иахьабалак", — ҳәа иҳәеит Ӡиӡариа.
Аҵарауаа иазгәарҭеит, ААУ хәыда-ԥсада аҵара шырҵо адиаспора ахаҭарнакцәа реиԥш, аибашьра ашықәсқәа рзы зхатә гәаԥхарала Нхыҵ- Кавказынтә аԥсуа жәлар ирывагыланы еибашьуаз рыхшаарагьы.
"Уи атрадициа иацҵо ԥхьаҟа иаагоит. Иахьагьы 30-ҩык рҟынӡа ҳдиаспора ахаҭарнакцәа аҵара рҵоит. Еиуеиԥшым азанааҭкәа рыла: асахьаҭыхра, англыз бызшәа, аԥсуа бызшәа азанааҭкәа рыла. Дара иахьырҭахә афакультет аҟны рымҩақәа аартуп. Акызаҵәык уадаҩрас ирԥыло абызшәа иахьынӡахәҭо иахьырзымдыруа ауп", — ҳәа иҳәеит афилологиатә факультет адекан Арда Ашәба.
Иара иажәақәа рыла, аҵарауаа Ҭырқәтәыла рыҟазаара иалагӡаны ирҧылеит аҧсуа культуратә хеидкылақәа Рфедерациа ахантәаҩы Аҳмаҭ Хапаҭи, Маҳинур Папааҧҳаи, егьырҭ аҧсуа хеидкылақәа рнапхгаҩцәеи. Маҳинур Папааҧҳа лакәзар, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны илыхьчараны дыҟоуп акандидаттә диссертациа “Беигәаа Омар идоуҳатә дунеии Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ретнокультуреи” атемала.
"Арда Енвер-иԥеи сареи ақыҭақәа рыҟны ҳцаны ианаҳҵеит афольклортә–диалекттә материалқәа. Аинтерес дуӡӡаны ирыҵоуп, абыргцәа ирдыруеит рхатәы бызшәа, ибзиангьы ицәажәоит. Ишыҭәҳәо, аԥсуа ахәшәқәа изышьҭо шыҟарҵо уҳәа ирацәаны, ажәытәан ҳара ишҳамаз еиԥш, зегьы еиқәырханы ирымоуп дара", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҵарауаа иазгәарҭеит, знык Ҭырқәтәыла ицаны азҵаарақәа зегьы зыӡбахаӡом, ас еиԥш аиԥыларақәа ирацәаны иаҭахуп ҳәа. Ҭырқәтәылеи Аԥсныи рыбжьара еиҳазароуп аиҭанаиааирақәа, рҳәеит дара рцәажәара хырқәшо.