Ҭаниа: аҿар рзы алшарақәа рацәоуп

© Sputnik / Alexander VilfИталиа
Италиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра Италиа аҩбатәи иреиҳау аҵара роур шалшои, жәларбжьаратәи астудентцәа рықалақь "Рондине Цитадель Мира" ртәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

Sputnik, Амра Амҷԥҳа

Италиатәи ассоциациа "Rondine Cittadella della Pace" ("Рондине Цитадель Мира") 20 шықәса инареиҳаны адунеи атәылақәа рҟынтәи хәыда-ԥсадала Италиатәи аҵараиурҭақәа рҟны ҩышықәсатәи аҵаразы инанаԥхьоит астудентцәа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниагьы абри апрограммала аҵара иҵон. Апрограмма еиҿкаан аимак-аиҿак ахьыҟоу атәылақәа: Палестина, Израиль, Косово, Сербиа, Аԥсны, Ермантәыла, Азербаиџьан, Қырҭтәыла рҟынтәи аҿар рзы.

"Иааидкылан 16 тәыла рзы ес-ҩышықәса аквотақәа аурышьҭуеит. Алхрақәа рахь унеирц азы жәабран 20 рҟынӡа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ашәҟәқәа нашьҭтәуп. Аԥснытәи адипломқәа макьаназы Италиа иазханаҵом, убри азы Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟынтәи адиплом ауп амчра змоу", — иҳәеит Ҭаниа.

Иара убри адагьы Аԥсны атәылауаҩра умазароуп, 21 — 27 шықәса урҭазароуп, аимакқәа рҭышәныртәалара атемала аусура шугәиҭоу шьақәурӷәӷәароуп.

"Аҵара ҩышықәса имҩаԥысуеит, ахарџьқәа зегьы ааԥхьара ҟазҵо атәыла ахахьы иагоит. Аӡәы изыҳәан инырхуеит 50 000 евро рҟынӡа аԥара", — иҳәеит Ҭаниа.

"Астудентцәа зегьы нхоит астуденттә қалақь Рондинаҿ. Италиатәи Ассоциациа "Rondine Cittadella della Pace" ("Рондине Цитадель Мира") абжьарашәышықәсатәи ақалақь Рондина студенттә қалақьны иҟанаҵеит. " Рондина уахьналало иуԥылоит 16 бызшәа рыла "Бзиала шәаабеит" ҳәа зҳәо абанер. Аԥсышәалагьы. 16 бираҟ рыгәҭа ишәыршәыруеит Аԥсны абираҟгьы", — иҳәеит Ҭаниа.

Уахь инеиз астудентцәа иаразнакы хымзтәи аиталиа бызшәа аҵараз акурсқәа ирыхрыжьуеит, нас ауп иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь рнеира аныҟало.

"Сынтәазы иалкаан Тоскан арегионқәа – Флоренциа, Ареццо, Сиена рҵараиурҭақәа. Иҟоуп алшара амедицинатәи азиндырратәи факультетқәа рыда иарбанызаалак афаультет алхра. Аҵараиурҭа иҭалаз астудентцәа астуденттә ԥсҭазаара рхыргоит, аҵара рҵоит хәыда-ԥсада", — иҳәеит иара.

Кан Ҭаниа еиҭеиҳәоит Рондина аимак-аиҿак, аԥсабара ахьчара уҳәа ртемақәа рыла атренингқәа мҩаԥыргоит ҳәа. Кан уа аҵара аниҵоз имҩаԥыргаз апроектқәа ируакхеит "Ветры мира на Кавказе".

"150-ҩык Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи астудентцәа аиҿцәажәаразы ҳаизеит. Уа аполитика ҳалацәажәомызт. Уахь инаԥхьан ажурналистцәа, ауаажәларратә еилазаара ахаҭарнакцәа. Уа ҳара иҳадаҳкылеит Кавказ аҭынчразы 14 пункт рыла ишьақәгылаз адокумент", ҳәа игәалаиршәоит Кан.

2010-2011 шықәсқәа рзы италиатәи астудентцәеи апрофессорцәеи уи адокумент ахкьыԥхьаа Кавказтәи ареспубликақәа рахь иааганы Ахадацәа ирырҭеит.

"Ассоциациа "Рондине Цитадель Мира" апрезидент Франко Ваккари Аԥсны иҟазаараан уи адокумент инапы иаиркит усҟантәи аамҭазы Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Сергеи Шамба (уи аамҭазы Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь усутә визитла Венесуела дыҟан), ҳәа еиҭеиҳәеит Кан Ҭаниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0