Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чамагәуа: ҳдемографиа аус иахьа иаҳмыӡбар, уаҵәы аамҭа ҳацәцар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖәлар Реизара асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Леонид Чамагәуа.
Жәлар Реизара асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Леонид Чамагәуа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар Реизара адепутатцәа русураз ирзарбаз хәышықәсатәи аҿҳәара хыркәшауа, иаԥырҵеит ҳмилаҭ реизырҳара нас рыҿиара иахәашаз "Азҳара" ҳәа хьӡыс изырҭаз ибиуџьеттәым афонд.

 Аиашаз, афонд ицәырнаго азҵаарақәа ҟалеит, избан аԥсуаа рымацара зракәузеи, егьырҭ амилаҭқәа заҵанамкызеи ари ҳәа?

"Ҳара арҭ азҵаарақәа ҳрызхәыцуан хԥа-ԥшьба шықәса раахыс, иаҳшәеит-иаҳзеит, аха излаҳбо ала, ҳтәыла алшарақәа еиӷьхаанӡа ҳәа, ари аус арҽеира ҳаламгар, уаҵәы ҳагхаргьы ҟалоит ҳәа азыӡбан ауп ишаԥаҳҵаз афонд "Азҳара", — иҳәеит Жәлар Реизара асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Леонид Чамагәуа.

Афонд "Азҳара" аиҿкаареи, нас аԥхьаҟатәи аԥеипши дырзааҭгылеит уи ахантәаҩы, Жәлар Реизара адепутат Леонид Чамагәуа

Леонид Чамагәуа дақәгәыӷуеит, Аԥсны инхо егьырҭ амилаҭқәа ари азҵаараҿы ҳаилыркаап ҳәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0