Акаԥҳа: абжьаратә класс – аҳәынҭқарраҿ аҭышәынтәалара иахәдықәҵоуп

© Sputnik Бадри ЕсиаваАуаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаԥҳа
Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәсазы "Апсны анаплакыҩцәа рассоциациа" аусура аихшьааларақәа мҩаԥыргеит ашәахьа.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Абжьаратә класс – аҳәынҭқарраҿ аҭышәынтәалара иахәдықәҵоуп, иара заҟа ирацәоу аҟара аимакқәа, ареволиуциақәа, аполитикатә еиҿагыларақәа маҷуп лҳәеит Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаԥҳа ашәахьаҽны имҩаԥысуаз аконференциаҟны.

"Атәылаҿ абжьаратә класс аиҿкаара апроцесс ишахәҭоу еиԥш имҩаԥысуам. Иҟалап уи зыхҟьо иҭышәынтәалам аполитикатә ҭагылазаашьеи асоциалтә еиҟарамреи ракәзар", — лҳәеит лара.

Наҭела Акаԥҳа иазгәалҭеит абжьаратә класс атәыла аекономикатә ҿиара ацхраара адагьы аполитикатә ҭынчреи азеиԥшуаажәларратә ҳәоуеиқәшәарагьы ирыцхраауеит ҳәа. Лара лықәгылараан иазгәалҭеит Таивань, Индонезиа, Сингапур уҳәа реиԥш тәылақәак рҟны абжьаратә класс 75% ВВП шеиҿнакаауа.

Иара убри аан абжьаратә бизнеси абизнес маҷи хымԥада аҳәынҭқарра рыдгылозароуп ҳәа азылшьоит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0