АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҳәынҭқарреи анаплакыҩцәеи реидгылара атәыла аекономикатә политика еиҿнакаауеит, иҳәеит ашәахьаҽны имҩаԥысуаз "Аԥсны анаплакыҩцәа рассоциациа" аусура аихшьаалақәа ирызкыз аконференциаҟны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.
"Иахьазы Аԥсны аус руеит 8 500-ҩык анаплакыҩцәеи 1 400 иурист хаҿи. Урҭ русура иалнаршоит ареспублика абиуџьет ахашәала хада аиҿкаара, аусурҭа ҭыԥқәа раԥҵара. Аҳәынҭқарреи анаплакыҩцәеи реидгылара аекономикатә политика шьақәнаргылоит", ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.
Аминистр иазгәеиҭеит 2015 — 2016 шықәсқәа рзы Аԥсны аалыҵ аҭыжьра 29% ишынаӡаз, ишартәаз 4,7 миллиард мааҭ аԥара. 2015 шықәса рзы ареспублика ВВП 3,7 % иазҳаит. 2016 шықәса рзы адәныҟаекономикатә усура иартәеит 2,4 миллиард мааҭ еиҳаны уаанӡатәи ашықәс аасҭа.
Аекспорт акәзар 5,4 миллиард мааҭ артәеит 2016 шықәса рзы.
"Аԥсны анаплакыҩцәа рассоциациа" ахантәаҩы Роман Каҷараа иҳәеит аиҿкаара шықәсык шахыҵыз.
"Ҳаиҿкаара шықәсык ахыҵит. Уи имариамыз аамҭан атәыла зегьы азы", – иҳәеит Каҷараа.
"Аԥсны анаплакыҩцәа рассоциациа" аԥҵан 2016 шықәса жәабран мза алагамҭаз.