Гәагьиа: апарламент ахь алхрақәа рбиуџьет 15 миллион инаӡоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палатаҟны имҩаԥысит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа иԥылара.

АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апарламент ахь алхрақәа рбиуџьет 15 миллион инаӡоит иҳәеит Ауаажәларратә палатаҟны Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гәагьиа.

"Ариаҟарала алхрақәа рбиуџет шьақәҳаргылеит, избанзар аҩбатәи атур ҟалап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", — иҳәеит иара.

Алхрақәа рзы ахархәагақәа рыхә шьҭыҵит.

"Уаанӡа аурна ахәԥса иартәон 3 000 мааҭ, уажәы 3 700 мааҭ", — иҳәеит Гәагьиа.

Урҭ рыхәԥса ахьыҳараку иахҟьаны иахәҭаны иҟоу ахыԥхьаӡараҟынтәи 40% роуп иаахәо.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 2017 шықәса рзы, 35 округ рҟны. 2016 шықәса рзы Апарламент адепутатцәа ирыдыркылеит алхраз азакәан аԥсахрақәа. Урҭ инарықәыршәаны адепутатрахь кандидатс ҳәа ихы ықәиргылар ҟалом анаркоманцәа, аҩыжәыҩцәа, атаксикоманцәа, зус аӡбра иахрыжьхьоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0