Аусуратә визақәа Аԥсны Амиграциатә маҵзураҟны рыҭара иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАусуратә визақәа Аԥсны Амиграциатә маҵзураҟны рыҭара иалагоит
Аусуратә визақәа Аԥсны Амиграциатә маҵзураҟны рыҭара иалагоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит иахьазы ирырҭо авизақәа ркатегориақәа рхыԥхьаӡара хәба рҟынӡа иацҵазарц.

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит иахьазы ирырҭо авизақәа ркатегориақәа рхыԥхьаӡара хәба рҟынӡа иацҵазарц. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа иажәақәа рыла Ақәҵара апроект рыдкылан "Аԥсны Аҳәынҭқарра алалареи Аԥсны Аҳәынҭқарра алҵреи рыԥҟаразы" азакәан инақәыршәаны.

"Абри Ақәҵара апроект аҟны иазыԥхьагәаҭахоит авизатә категориақәа хәба: адипломатиатә, амаҵзуратә, иаабац авиза, алсратә виза, аамҭала анхаразы авиза", — иҳәеит Ҭаниа.

Уажәазы ирырҭо авизақәа аусуратәи хаҭалатәи роуп.

Ҭаниа иара убасгьы иазгәеиҭеит уажәшьҭарнахыс ирыдыркылаз Ақәҵара инақәыршәаны аусуратә визақәа Аԥсны Амиграциатә маҵзураҟны ишрырҭало.

"Абаџьқәеи ашәарақәеи зегьы аҳәынҭқарратә биуџьет хадырҭәаауеит. 2016 шықәса рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарратә биуџьет ханарҭәааит 23 миллион мааҭ рыла", — иҳәеит Кан Ҭаниа.

Аилатәараҟны иара убасгьы ишьақәырӷәӷәан Адәныҟатәи аусқәа министрра аилазаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0