АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсуа литература арҿиараҿы илагалазы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба апоет Терент Ҷаниа ианеишьеит "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара.
"Гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Ишәзеиӷьаҳшьоит ақәра рацәа, ақәҿиарақәа, агәалаҟазаара бзиа. Гәахәарыла ҳрыԥхьоит шәажәеинраала ссирқәа, ҳарзыӡырыҩуеит шәашәақәа. Шәара Аԥсны абыргцәа Рхеилак шәалахәылоуп, шәара шәгәаанагара ҳара ҳзызхәыцша акоуп", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.
Теренти Ҷаниа атәыла Ахада ҭабуп ҳәа иаҳәо иазгәеиҭеит:
"Сара иахьа кырсылшаны сыҟазар изыбзоуроу сҩызцәа, аус сыцызуаз, сҭаацәа роуп. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит исышәҭаз агәцаракразы. Сара сзы ари ҳамҭа дууп, гәрагароуп, ҳаҭыруп, иагьҭакԥхықәроуп", — иҳәеит Ҷаниа.
Теренти Ҷаниа диит жәабран 10, 1937 шықәса рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Раԥхьатәи иажәеинраала кьыԥхьын 1965 шықәса рзы. Теренти Ҷаниа 25 шәҟәы дравторуп. Иажәеинраалақәа ирылхны иҩуп ажәлар ирылаҵәаны иҟоу 35 ашәа.