Диана Плиаԥҳа Аконституциатә ӡбарҭа аԥшьбатәи аӡбаҩ ҳәа далырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукДиана Плиаԥҳа
Диана Плиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара мҩаԥысит ахәаша, жәабран 10 рзы.

АҞӘА, жәабран 10 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәараҟны Диана Плиаԥҳа Аконституциатә ӡбарҭа аԥшьбатәи аӡбаҩ ҳәа далырхит.

"Диана Едуард-иԥҳа Аконституциатә усӡбарҭа аӡбаҩ иганахьала иахәҭаны иаԥхьаӡо аҟазшьақәа зегьы лымоуп", — иҳәеит Аԥсны Ахада Апарламент аҟны ихаҭарнак Дмитри Шамба.

28-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 25-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит Диана Ԥлиаԥҳа лкандидатуразы. Уаанӡа Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа ҳәа иалхын Рауль Пантиа, Лиудмила Ходжашьвили, Нури Ҭаниа. Иааидкыланы иалхтәуп хәҩык аӡбаҩцәа.

Апарламент аилатәара ихы алаирхәит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбагьы.

Диана Едуард-иԥҳа Ԥлиаԥҳа диит цәыббра 15 1967 шықәса рзы Гәдоуҭа ақалақь аҟны. 1989 шықәса рзы қәҿиарала далгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет. 1991 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа ААУ аҟны аус луеит. 10 инареиҳаны анаукатә усумҭа дравторуп.

2012 шықәса раахыс Аԥсны Аҳәынҭқарра азиндырыҩцәа Рассоциациа дахантәаҩуп.

2015 шықәса раахыс Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгара азылуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0