Кармов: Пальмира аҭоурых ҭыԥқәа реиҭашьақәыргылара алшоит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПальмира
Пальмира - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иаиуит адыррақәа ИГИЛ атеррористцәа Пальмира иҟоу римтәи амфитеатр ахәҭеи атетрапилон ашьаҟақәеи рҟәыбеит ҳәа. Аҭоурыхдырыҩ Тимур Кармов Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит арҭ аобиектқәа ирымаз аҵак ду аӡбахә.

АҞӘА, жәабран 14 — Sputnik. Урыстәыла иаиуит адыррақәа ИГИЛ атеррористцәа Пальмира иҟоу римтәи амфитеатр ахәҭеи атетрапилон ашьаҟақәеи рҟәыбеит ҳәа. Аха, Лихачиов ихьӡ зху Акультура аинститут анаукатә усзуҩы Тимур Кармов Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит урҭ реиҭашьақәыргылара алшоны иҟоуп ҳәа.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ԥырҩыдатәи аҳаирплан аҟынтәи иҭыхыз ахҭыс авидеонҵамҭа аланарҵәеит.. Кармов иазгәеиҭеит ари ахҭыс атәы аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәагьы аӡбахә шырҳәо, видео акәзар уи аҽазныкгьы ашьақәырӷәӷәара ишацхраауа.

Шьамтәылатәи аҳәынҭқарратә телеканалгьы абри азы адыррақәа ҟанаҵеит, аха аԥхасҭа ахышәа-ҵышәа ашьақәыргылара ахьалшо аҭыԥ аҟны агәаҭаралоуп иҳәеит Кармов.

"Уажәнатә иуҳәар алшоит амфитеатр аиҭашьақәыргылара шауа. Иара убас иауеит Баала абаагьы аиҭашьақәыргылара. Аҽа зҵаароуп уи аамҭеи ахарџьи заҟа аҭахны иҟоу", — иҳәеит иара.

Кармов иажәақәа рыла атеррористцәа ишалшо ала аԥхасҭа аҟаҵара хықәкны ирыман.

Амфитеатр Пальмира агәҭаныҵәҟьа игылоуп, идыргылеит ҳазҭоу аамҭа II ашәышықәсазы.

"Атеррористцәа ԥхьаҟагьы асеиԥш ҟарҵалоит. Аҭоурых баҟақәа рықәгара хықәкны ишьҭырхит. Ари идеологиатә еибашьроуп", — иҳәеит Кармов.

Иахьатәи аамҭазы еиқәханы иҟоу Пальмира 80% роуп.. Атеррористцәа идырбгеит Белеи Баал Шаминеи рбаақәа, Аԥсыжырҭақәа ркаршәраҿы Атриумфалтә аркеи аколоннақәеи. Аԥхасҭа рырҭеит Салах ад-Дин Ицитадельи амилаҭтә музеии.

Ажәабжьқәа зегьы
0