Гамсаниаԥҳа: аԥҳәыс Апарламент ахь анеира лцәыуадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент.
Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Емма Гамсаниаԥҳа Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны далацәажәеит Апарламент ахь инеир зҭаху аҳәса рхыԥхьаӡара зырацәам.

АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥҳәыс дахьықәгылоу алхратә ҭыԥ аҟны хҩы-ԥшьҩы ахацәа анықәгылалак уи Апарлмент ахь анеира лцәыуадаҩхоит, лҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат. 

Гамсаниаԥҳа ишазгәалҭо ала, аԥҳәыс Апарламент аҟны илыӡбаша азҵаарақәа даара ирацәоуп, асоциалтә проблемақәа, адемографиа иаҵанакуа азҵаарақәа уҳәа ирацәаны.

Уи излалҳәаз ала, Апарламент ахь алхрақәа рхы аладмырхәит акыр аҵареи аԥышәеи змоу аҳәсақәа. 

"Издаҳгалаз ҟалеит, аха уажәы сазхиам, мамзаргьы ариаҟара ауаа ахьықәгылоу уеиазгьы сзаиааиуам зҳәаз ҟалеит", — лҳәеит лара.

Ареспублика ахадареи, еиуеиԥшым аусбарҭақәеи агендертә еиҟарара азы азакәан рхы иадырхәом, абри аҩыза агәаанагара лымоуп Гамсаниаԥҳа. Азакәан даара ибзиоуп, европатәи астандартқәа ирықәшәоит, аха алкаақәа ҟаҳцозар иаҳбаратәы иҟоуп ахәҭаҷқәа зегьы аус шырымуа, лҳәеит уи.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Емма Гамсаниаԥҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Емма Гамсаниаԥҳа лгәаанагарала, зҵареи здырреи ыҟоу аԥҳәыс Апарламент аҿоума, мамзаргьы иарбанызаалак анапхгаратә ҭыԥқәа рҟны аума, акыр дхәарҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0