АҞӘА, жәабран 15 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа, иара адунеи зегь аҟынгьы, акыр аҽаԥсахит аҳауа аҭагылазаашьа, ҳәа иҳәеит Аԥсны агеографиатә еилазаара ахада Леуард Барцыц.
"Уи иадҳәалоу амзызқәа макьана инагӡаны иҭҵааӡам, аҵарауаа иаахтны ирзыҳәаӡом. Аха аԥсабараҟны аҽеиҭакрақәа аԥышәа змоу рыдагьы, ауаа ирымбарц залшом", – иҳәеит Барцыц.
Аԥсны агеографиатә еилазаара ахада Леуард Барцыц иажәақәа рыла, адунеи аҟны Аԥсны даара иманшәалоу аҭыԥ амоуп.
"Ҳара амшыни ашьхақәеи ҳрыԥнуп. Урҭ рыбзоурала еиҳа иҟәымшәышәны иаҳхааҳгоит арҭ аҽеиҭакрақәа. Уажәы иаҳбо Аԥсны иаҵанакуа, изаамҭанытәиу, иҭышәынтәыло ԥсабаратә ҭагылазаашьоуп, ҳәа иазгәаҳҭар ҳалшоит. Ақәа анлеиуа, аԥша анасуа уи аԥсабара иазеиӷьуп, аԥсабара иатәышьҭроуп", – ҳәа иациҵеит Барцыц.
Иара иажәақәа рыла, иахьа асы хкәоит, уаҵәы амш ашьақәгылара иалагоит.
"Ахәаша инаркны аамҭа ҭышәынтәалоит. Ҳара ус ҳҳәоит ҳазыҟаҵаӡам ҳәа, аха ҳара иҳамдыруеи, аӡын ахьҭақәа шаауа, асы шлеиуа, аха ҳаԥсабареи ҳареи ҳаицәыхарахо ҳалагеит. Аԥсабара ҳацныҟәозар ауп, амаҵ азаҳулароуп усҟан еиҳа ҳаизыманшәалахоит", – ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.
Иара убас, Аԥсны агеографиатә еилазаара ахада иазгәеиҭеит жәабран уаҳа асы леиӡом ҳәа аҳәара шыцәгьоу атәы, аха ааԥын лассы иаҳԥылап ҳәа ҳгәыӷуеит, ҳәа ациҵеит.