Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Алхас Ферзба: жәларбжьаратәи аконкурс аҟны сиааира сырҿиара иацхрааит

© Sputnik / Илона ХварцкияАлхас Ферзба
Алхас Ферзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла имҩаԥысыз Сергеи Рахманинов ихьӡ зху афбатәи Жәларбжьаратәи аконкурс аҟны аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба актәи аҭыԥ даԥсахеит.

Аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба иажәақәа рыла, ирҿиараҿы иреиҳау иааироуп ҳәа уҳәар ауеит ари аконкурс аҟны ианашьахаз аԥхьахә. Аконкурс ажиури ашәаҳәаҩ кәыԥш иҟазара ахә зшьоз аапхьара ирҭеит Польшатәи афилармониа аоркестри иареи аконцерт еицымҩаԥыргарц. 

Аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба далацәажәеит Жәларбжьаратәи аконкурс аҟны ианашьаз аԥхьахә ҭыԥ

Аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзаба диит Аԥсны еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа рҭаацәараҿы. Ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа далгеит амузыкатә школ авиолончель акласс, адиплом ҟаԥшьыла. Уи анаҩсан далгеит асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аҿыханҵа азанааҭ ала. Шықәсык аҵара иҵон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Николаи Наиденов иҟны. 

Ажәабжьқәа зегьы
0