Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы: ақалақьуаа ақалақь арыцқьара рҭахым

Расчистка улиц после снегопада в Сухуме
Расчистка улиц после снегопада в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 14-15 рзы злеира иалагаз асы Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы ҭанаҳәҳәеит.

АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақалақь аҟны аус зуа ахәаахәҭратә ҭыԥқәа реиҳарак рыкәша-мыкәша анеира уадаҩуп, дара зхатәу арҭ аҭыԥқәа ррыцқьара ахәҭаны ирбом, асанитартә нормақәа зегьы еиларгоит иҳәеит ақалақь Ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба.

"Акоммуналтә усбарҭақәа раԥхьа иргыланы идрыцқьо ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи ахәышәтәырҭақәеи, административтә хыбрақәеи рыкәша-мыкәшоуп. Ақалақь зыгьы ахахьы агара ҳара иҳалшом, иазхо ауаагьы ҳамаӡам. Сгәы иаанагоит адәқьанқәеи аҭирҭа радқәеи рҟны аус зуа, дасу иара иҵанакуа аҭыԥқәа ирыцқьароуп ҳәа. Ианамуӡа, иҳацхраалароуп ҳәа", азгәеиҭеит Аҳәба.

Аҳәба иара убасгьы иазгәеиҭеит ауаажәларратә транспорт ахьныҟәо зехьынџьара аусурақәа цоит ҳәа. Аиааира амҩаду атротуарқәа ракәзар жәабран 17 рзы арыцқьара иалагоит.

Атәыла Ахада идҵала иеиҿкааз аоперативтә штаб аусурақәа ирыцнаҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0