Sputnik, Лев Рыжков
Хәышықәса ҵуеит Аҟәеи Нижни Новгороди ақалақь-еишьцәа ҳәа иҟоижьҭеи. Ақалақьқәа рыбжьара имҩаԥысуеит акультуратә еимадара, имҩаԥыргоит ацәыргақәҵақәа, аҟазаратә коллективқәа реиҭанеиааира. Аԥсны лассы-лассы иаҭаауеит аԥсшьаразы Нижни Новгород ауааԥсыра.
Ааигәа, Москва, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәырҭаҿ имҩаԥысит Аҟәеи Волга иаԥну ақалақьқәеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Нижни Новгород аекономикатәи акультуратәи лшара аӡыргара.
Ауснагӡатә асасцәеи адипломатцәеи рҿаԥхьа иқәгылеит абизнесуаа, анаукеи аҵареи русзуҩцәа. Ахәылԥаз иалахәын Москва инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Џьибути, Венесуела, Доминикантәи ареспублика, Боливиа рҟынтәи абизнесуаа, адипломатцәа.
Аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа, Нижни Новгород Ахада ихаҭыԥуаҩ Мариа Холкина.
"Ҳара ҳзы аҵак ду аманы иҟоуп жәларбжьаратәи аимадарақәа рышьақәыргылара. Ҩеижәа шықәса раахыс ҳақалақь атуристцәа рзы иаартхеит. Абри аусхк аганахь ала ҳԥышәа маҷуп убри азы иаҳхықәкуп аимадара ҿыцқәа рышьақәыргылара", — лҳәеит Мариа Холкина.
Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра иара убасгьы далахәын Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.