Еицаҳҳәап "Аԥсны 67" ашәақәа

Анапаҵаҩра
РУСДРАМ аҟны имҩаԥысыз аконцерт "Ашәа еицаҳҳәап" азкын еицырдыруа агәыԥ "Аԥсны 67" 50-шықәса ахыҵра.

"Са суардын", "Наныкьара", "Фама" — акыр шықәса зхыҵуа, аха азыӡырыҩцәа ес-ҽны бзиа ирбо, еиҳа-еиҳа иргәаԥхо ашәақәа иреиуоуп. "Аԥсны 67" арепертуар иалоу ашәақәа нарыгӡон амузыкатә проект "Ашәа еицаҳҳәап" аҟны аԥсуа естрадатә шәаҳәаҩцәа. Аԥхьа асценахь ицәырҵит аиубелиарцәа, агәыԥ "Аԥсны 67" ашәаҳәаҩцәа. Инарыгӡеит еиуеиԥшым аамҭақәа рызтәи ашәақәа. Апроект автор Хьыбла Мықәԥҳа лажәақәа рыла аконцерт азы ашәақәа ралхра уадаҩрак аҵамлаӡеит. Аиҿкааҩцәа акыр ацхыраара рылҭеит агәыԥ асолистка Лиудмила Гәымԥҳа.

Аконцерт амҩаԥгаҩцәа Хьыбла Мықәԥҳаи Алхас Манаргиеи еиҭарҳәон агәыԥ аҭоурых. Аконцерт ахәаԥшыҩцәа урҭ аамҭақәа еиҭарзыхынҳәуан, рцәаныррақәагьы рзыҵәахуамызт.

"Аԥсны 67" ашәақәа арадио, ателехәаԥшра рыла иуаҳауеит, иарбанызаалак ныҳәак дара рыда имҩаԥысуам. Абри еиҳау зхаҵарагьы ыҟам.

Апроект "Ашәа еицаҳҳәап" (авторцәа Мадина Аргәынԥҳаи Хьыбла Мықәԥҳаи) раԥхьаӡа акәны аԥсуа естрадаҟны ицәырҵит 2013 шықәса рзы. Иара хықәкы хаданы иамаз аԥсуа ашәақәа азыӡырыҩцәа рыларҵәароуп. Авокал-инструменталтә ансамбль "Аԥсны 67" аԥҵан 1967 шықәса рзы. Иахьа ара ашәа рҳәоит: Нодар Саӷариа, Рафаил Гагәлиа, Геннади Бебиа, Аркади Қриа, Лиудмила Гәымԥҳа. Ансамбль арепертуар аҿы иҟоуп 100 инареиҳаны ашәақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукСаида Габниаԥҳа иналыгӡеит ашәа "Ашәҭқәа" (ажә. Витали Амаршьан, амуз. Асҭамыр Чкотуа)
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
1/9
Саида Габниаԥҳа иналыгӡеит ашәа "Ашәҭқәа" (ажә. Витали Амаршьан, амуз. Асҭамыр Чкотуа)
© Sputnik / Томас ТхайцукЖәлар рашәа "Фама" (аранжир. Асҭамыр Чкотуа) неигӡеит Џьимми Шәманиа
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
2/9
Жәлар рашәа "Фама" (аранжир. Асҭамыр Чкотуа) неигӡеит Џьимми Шәманиа
© Sputnik / Томас ТхайцукЏьимми Шәманиа иара убасгьы инеигӡеит ашәа "Ох, шьыри-шьыри" (ажә. Борис Зарандиа)
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
3/9
Џьимми Шәманиа иара убасгьы инеигӡеит ашәа "Ох, шьыри-шьыри" (ажә. Борис Зарандиа)
© Sputnik / Томас ТхайцукАпроект "Ашәа еицаҳҳәап" автор, амҩаԥгаҩ Хьыбла Мықәԥҳа иналыгӡеит ашәа "Ҿыц санылеит адунеи" (ажә. Иури Ԥкьын, амуз. Руслан Агәмаа)
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
4/9
Апроект "Ашәа еицаҳҳәап" автор, амҩаԥгаҩ Хьыбла Мықәԥҳа иналыгӡеит ашәа "Ҿыц санылеит адунеи" (ажә. Иури Ԥкьын, амуз. Руслан Агәмаа)
© Sputnik / Томас ТхайцукИрма Лагәлааи Даур Арухааи инарыгӡеит Асҭамыр Чкотуа аранжировка ззиуз жәлар рашәа
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
5/9
Ирма Лагәлааи Даур Арухааи инарыгӡеит Асҭамыр Чкотуа аранжировка ззиуз жәлар рашәа
© Sputnik / Томас ТхайцукХаҭуна Ҭарԥҳа лынагӡарала ахәаԥшыҩцәа азыӡырҩит ашәа "Ауаҩи адгьыли" (ажә. Алықьса Џьонуа, амуз. Хьыбла Мықәԥҳа)
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
6/9
Хаҭуна Ҭарԥҳа лынагӡарала ахәаԥшыҩцәа азыӡырҩит ашәа "Ауаҩи адгьыли" (ажә. Алықьса Џьонуа, амуз. Хьыбла Мықәԥҳа)
© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Агәмаа иавтортә ашәа "Асы ауеит" налыгӡеит Ильда Қәычбериаԥҳа
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
7/9
Руслан Агәмаа иавтортә ашәа "Асы ауеит" налыгӡеит Ильда Қәычбериаԥҳа
© Sputnik / Томас ТхайцукНарсоу Абыхәба инеигӡоит ашәа "Аҳамҭа" (авторцәа: Геннадиа Аламиеи Геннади Бебиа)
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
8/9
Нарсоу Абыхәба инеигӡоит ашәа "Аҳамҭа" (авторцәа: Геннадиа Аламиеи Геннади Бебиа)
© Sputnik / Томас ТхайцукФаина Мархолиаԥҳа иналыгӡеит Таиф Аџьба иажәақәа ирылху ашәа "Срызхәыцуеит ицаз"
Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
9/9
Фаина Мархолиаԥҳа иналыгӡеит Таиф Аџьба иажәақәа ирылху ашәа "Срызхәыцуеит ицаз"
Ажәабжьқәа зегьы
0