Sputnik, Амра Амҷԥҳа
Sputnik Аԥсны арадио астудиаҿы Гәында Берзениаԥҳаи аконцерт амҩаԥгаҩ Леван Ҭодуеи еиҭарҳәеит еиҿыркааз ақәгылара атәы.
Денис Клиавер Аԥсныҟа иаара абзоурахеит Леван Ҭодуеи иареи хаҭалатәи реибадырра. Урыстәыла еиуеиԥшым аконцертқәа рҿы аус еицырухьеит, еибадыруеижьтеи хәы-шықәса иреиҳауп.
"Денис Аԥсынтәыла дмааӡац. Жәабран 22 рзы ауп раԥхьаӡа ианибо Аԥсны, аԥсуа жәлар. Акырынтә дсазҵаахьан ҳтәыла аӡбахә. Аԥсуа ресторанқәа рахь ҳцахьан, аԥсуа чыс пату ақәыиҵоит. Зны-зынла сахыхәмарны иасҳәоит – Денис, убжа ԥсыуазар ҟалап ҳәа. Уи иеиԥш аҩаӡара змоу артист иаагара цәгьоуп, аха аидеиа бзианы идикылеит, гәык-ԥсык ала дазнеит, сцоит иҳәеит, ишсылшо ишахәҭоу ашәа рзысҳәоит, Аԥсны сыргәалашәаларц", — иҳәеит Леван Ҭодуа.
Леван иажәақәа рыла, Гәындеи Фридеи Берзениаԥҳацәа рашәақәа Денис Клиавер интернетла дырзыӡырыҩхьан.
"Аԥсныҟа уаарыԥхьарц рҭахуп аӡӷабцәа анысҳәа, даара игәы иаахәеит, срыцықәгылоит иҳәеит, ирҭаххар ашәагьы рыцысҳәоит иҳәеит", — азгәеиҭеит Ҭодуа.
Аиаҳәшьцәа Берзениаԥҳацәеи Денис Клиавери еицырҳәо ашәа маӡаны иаанрыжьит Sputnik Аԥсны арадио асасцәа, ахәаԥшҩы еиҳа агәацԥыҳәара иоурц аконцерт ахь анеиразы.
Гәында Берзениаԥҳа рхатә репертуар далацәажәо, илҳәеит азыӡырҩцәа ишрыдыргало аԥсуеи аурыс ашәақәеи, иара убас иҿыцу, раԥхьаӡакәны инагӡахо ашәақәа.
"Аурыс ашәақәа Санкт-Петербургтәи акомпозитор Сергеи Рижски иаҳзиҩуеит. Аԥсуа композиторцәа Омар Сангәлиа, Анатоли Алҭеиба ирҩыз ашәақәа наҳагӡоит. Ҳрепертуар аҽарҭбааит, ахәаԥшҩы, азыӡырҩы дазҿлымҳахартә иҳамоуп ашәақәа. Ргәы иаахәап ҳәа сгәы иаанагоит ираҳауа ашәа ҿыцқәа", — ҳәа лҳәеит Гәында Берзениаԥҳа.
Аконцерт ақәыргыламҭа авторс дамоуп аиаҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа рпродиусер Мзиа Берзениаԥҳа.
"Ари аҩыза иелахәу аконцерт амҩаԥгара Мзиа илыӡбеит, — ҳәа азгәеиҭеит Леван Ҭодуа. — Сара сзабадыруа Урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа, акәашаҩцәа аӡәырҩы Аԥсны рдыруеит, аԥсуаа пату рықәырҵоит. Ҳара Аԥсны атехника, аппаратура азы ҳхьысҳауп, макьана ҳаиқәшәам, уи иахырҟьаны иуҭаху зегьы ааԥхьара узрыҭом ара аконцертқәа рымҩаԥгаразы. Мзиа урҭ азҵаарақәа ықәлыргылоит, аха макьана ӡбашьа амам. Лара лымч ала иҵегьы аԥхын ишәаҳараны, ишәбараны шәыҟоуп гәҭакқәас иҳамоу еилахәу аконцертқәа ртәы".
Гәында Берзениаԥҳа илҳәоит ишыҟазар аку алшара аурыси аԥсуа шәаҳәаҩцәеи реицықәгыларазы.
"Изырмаҳари урыстәылатәи ашәаҳәаҩцәа аԥсуа ашәақәа. Аурыс артистцәа аинтерес аҵаны иазҵаауеит аԥсуа естрада. Ишԥаҟоу абызшәа, ҳаргьы иаҳҳәар ҳҭахуп ҳәа анырҳәогь ыҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит Гәында Берзениаԥҳа.
Урыстәылеи Аԥсныи еиуеиԥшым ашоуқәа рымҩаԥгаҩ Леван Ҭодуа маҷк аконцерт амаӡа аԥарда ааиртит.
"Сымацара имҩаԥызгалаӡом аконцерт, иҵегь амҩаԥгаҩцәа ҟалои, урҭ рыхьӡ сҳәаӡом заа, заҟа рхыҵуа сҳәаӡом. Шәнеир даара шәгъы иаахәоит. Аԥсны имҩаԥысхьо аконцертқәа иреиԥшхаӡом. Макьана исҳәаӡом, ҳрежиссиор азин ҳалҭаӡом аха, Ражден Гәымба ихьӡ зху афилармониаҿы абжьы бзианы игоит рҳәоит Урыстәалантәи иааны уа иқәгылахьоу ашәаҳәаҩцәагьы. Зегьы ргәы иаахәап ҳәа ҳазыԥшуп имҩаԥысраны иҟоу аконцерт".
Аиҿкааҩцәа ражәқәа рыла, Аԥснытәи Урыстәылатәи артистцәеи реицықәгылара, хымԥада аинтерес ду аҵазаауеит.