00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аспорттә секциақәа русура аԥхынтәи аамҭазы: Гәылрыԥшь араион ҳадҵаалоит
13:50
10 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Атәылахьчара аминистрра атехника ҷыда ҿыц гәеиҭеит. Урҭ рахьынтәи хәҭак Урыстәыла арра-техникатә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳамҭас Аԥсны ианаҭеит. Уахь иаҵанакуеит анџьныртә еиқәыршәагақәа, ҳаамҭазтәи азеиԥш хықәкылатәи ахархәагақәа, арадиациа, ахимиатә, абиологиатә хыхьчаратә еиқәыршәагақәа. Уи адагьы, аҳәынҭқарра ахада Арбџьармчқәа уажәнатә рхы иадырхәо аибашьратә уалԥшьа назыгӡо атехника гәеиҭеит. Уахь иаҵанакуеит арадиоелектронтә еибашьратә системақәа, адронқәа.
Лабра ақыҭан иргылоу ахш зауад аҟынтәи Очамчыра араион абиуџьет иалагалахо ашәахтәқәа — 15 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит ҳәа иҳәеит араион ахада Алхас Кациа."Ҳара акыр ҵуеит ари ахҭыс ҳазыԥшуижьҭеи. Агәыӷра ҳамоуп, ари анаплакы абиуџьет шьақәзыргылоу акакәны иҟалап ҳәа", — азгәеиҭеит иара. Уажәазы азауад аҿы 25-ҩык аус руеит, рхыԥхьаӡара 50-ҩык рҟынӡа аизырҳара азгәаҭоуп. Урҭ реиҳараҩык араион ауааԥсыра роуп. Араион ахада иҳәеит, азауад аҿы аԥснытәи аџьармыкьа иазынархоу аалыҵ хкқәа ҩажәа рҟынӡа аҭыжьра шалыршахо.
Гәдоуҭа амшын иаанахәаз ауаҩы деиқәзырхаз Мурман Наҟәаԥиа аҳаҭыртә шәҟәы ианаршьеит. "Мурман иааирԥшыз аамысҭашәареи, агәымшәареи, иуадаҩу аамҭазы ацхыраара аҟаҵаразы агәазыҳәареи — ҿырԥшы бзиоуп", — иҳәеит араион ахада Асҭамыр Аргәын. Ахҭыс ҟалеит рашәара 10 рзы. Аԥсшьаҩы имч еизымхакәа аӡааҟәрылара даналага. 19 шықәса зхыҵуа Наҟәаԥиа, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русзуҩцәа раара дазымԥшкәа иӡааҟәрылоз еиқәырхара далагеит. Ацхыраара зҭахыз диманы дыӡсо аԥшаҳәахьы амҩабжара днеихьан еиԥш, ацхыраара лас аӷба рыхьӡеит.
"Аԥсны акоманда" аофис аҿы "Апатырқалтә мҩаду" аиӷьтәразы аескизтә проект аӡыргара мҩаԥган."Аԥсны акоманда" Џьанашьиа имҩаду аҟны апатырқалтә аллеиа аҟаҵаразы апроект хацдыркит. Амҩаду Аҟәа аҭоурыхтә мҩадуқәа иреиуоуп. Уи аиӷьтәразы аԥшьгамҭа адгылара арҭеит аҳҭнықалақь анапхгара, аҵарауаа, ауааԥсыреи", — ҳәа иҳәеит аиҿкаара анапхгаҩ хада инапынҵақәа назыгӡо Дырмит Габалиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0