Аиеромонах Давид: Ачгара Ду - доуҳатә ааԥынроуп

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖәабран 27 инаркны иалагоит ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара ду
Жәабран 27 инаркны иалагоит ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара ду - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 27 инаркны иалагоит ақьырсиан дунеи зегь аҿы Ачгара ду. Иара 49 мшы иныҟәыргоит. Ачгара хыркәшахоит мшаԥымза 16 рзы.

АҞӘА, жәабран 27– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Анцәа дхазҵо Ачгара Ду адоуҳатә ааԥынра ҳәа азырҳәоит, избанзар ааԥынразы адунеи аԥсабара зегьы аҽшеиҭанакуа, ишҿыцхо еиԥш Анцәа дхазҵогьы адоуҳатә ҽеиҭакра рҽазыҟарҵоит иҳәеит аиеромонах Давид (Ӷәазаа) Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.

Иара иажәақәа рыла Ачгара Ду ахьӡ захьыӡхаз иара егьырҭ аныҳәа чгарақәа зегь раасҭа иахьдуу ауп. Уи адагьы иара зызкыҵәҟьоу аныҳәа лаша – Мшаԥныҳәоуп.

"Ақьырсианцәа зегьы Анцәа игылара рҽазырхиауа уи доуҳала рҽазыҟарҵоит, рҽыдрыцқьоит, рыҽдырӷәӷәоит. Уи ахь дара мҩанызго Ачгара Ду ауп. Абарҭ амшқәа раан дарбанызаалак ақьырсиануаҩ ицәгьа-мыцәгьақәа ркаԥсара иҽазишәоит, иламыс ацқьара даҿызаауеит, аус цқьақәа рымҩаԥгара дашьҭалоит", — иҳәоит аиеромонах Давид.

Иара ишиҳәо ала дарбанызаалак Анцәа дхазҵо ауаҩы идыруазароуп ачгара афатә-ажәтә мап рыцәкра аасҭагьы агәнаҳарақәа мап рыцәкра шакәу.

"Афара-чара мап ацәкра, уи цхыраагӡоуп, ихадароу агәнаҳа ахыхроуп. Уажәа цқьазароуп, уус цқьазароуп, ухәыцрақәа цқьазароуп", — иҳәеит аиеромонах Давид.

Иара иажәақәа рыла, ачгара актәи амчыбжь азы ауҭраҭыхи, ашәыри, ачеи аӡи роуп иуфар иҟало, ахәша злоу акгьы ухы иаурхәар ҟалаӡом. Ачгараан акырӡа аҵанакуеит доуҳалатәи аҽрыцқьарагьы, агәнаҳа ҟауҵар ҟалаӡом. "Зегьы урзыразхароуп, урнаалароуп. Ачгараан есымша аасҭа ақьиара аарԥшлатәуп, арыцҳацәа акрырҿаҵалатәуп. Ауаҩы дычгеит ҳәа иҩнуҵҟа ацәымӷра аанхар, уи акгьы аанагаӡом" – иҳәоит аиероманах Давид.

Аԥсыӡ афара азин ыҟоуп Ажәабжь бзиа аныҳәеи (мшаԥымза 7), Аверба амш аҽни (мшаԥымза 9).

Ажәабжьқәа зегьы
0