Аневролог: аибашьра аветеранцәа хәыда-ԥсада ахәшәқәа рырҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАптека. Архивтә фото
Аптека. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника аҳақьым Иван Магикиан Sputnik иазеиҭеиҳәеит аибашьра аветеранцәа хәшәыла ишеиқәдыршәо атәы.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ахәшәқәа хәыда-ԥсада ирырҭоит, иҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника аҳақьым Иван Магикиан Sputnik аинтервиу аҭо.

"Ҳара иҳамоуп абланк ҷыдақәа. Урҭ харҭәааны аптекахь инаргоит, уа ахәшәқәа роуеит. Асистема еиԥҟьарада аус ауеит", — иҳәеит иара.

Иарбану Аԥсны еиҳарак ирылаҵәан иҟоу анервтә чмазарақәа ҳәа иҭаз азҵаара аҭакс Магикиан иҳәеит: ашьақәыӷәӷәара чымазара, ахшыбаҩ ада чымазара, аинсультқәа ҳәа.

"Уи адагьы ирацәаҩуп амҩатә машәырқәа рышьҭахь ҳа ҳахь иаанаго", — иҳәеит аҳақьым.

Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника аҳақьым Иван Магикиан Sputnik Аԥсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

Аневролог иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аамҭазы анервтә чымазарақәа аҿаргьы ирызцәырҵуа иалагеит. Уи еиҳарак изыхҟьо аҩыжәреи анаркотикатә маҭәашьарқәеи роуп, ҳәа азгәеиҭоит иара.

"Аинсульт рыхьны иаҳзааргоит 35, 37, 40 шықәса зхыҵуагьы. Ари ачымазаразы арҭ ашықәсқәа маҷуп", — иҳәоит Магикиан.

Аԥсны Ахада идҵала 2017 шықәса жәабран 22 рзы Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника аҳақьым Магикиан Иван ианашьан аҳаҭыртә хьӡы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым".

Ажәабжьқәа зегьы
0