2016 шықәса рзтәи Аԥсны аҳәынҭбиуџьет алагалақәа рплан нагӡоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа Реилазаара аилатәара
Аминистрцәа Реилазаара аилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭбиуџьет аныхратә хәҭа иреиҳау ахәҭа рзырхоуп амилаҭтә шәарҭадара, аӡбарҭақәа, азинхьчаратә система, иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков.

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik, Роберт Џьопуа. 2016 шықәса рзтәи Аԥсны аҳәынҭбиуџьет алагалақәа рплан нагӡоуп 97,1 % рыла, иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков.

"2016 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа рыла ареспубликатә биуџьет алагалахәҭа планла 8,273 миллиард мааҭ иҟазар, ҳара уи наҳагӡеит 8,029 миллиард мааҭ рыла. Уи ишьақәнартәоит 97,1 %. Уаанӡатәи ахәышықәса иаҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, иагьеиҵам иагьеиҳам. 2004 шықәса рзы заҵәык иара ишьақәнартәеит 98,1 %", — иҳәеит Сериков.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә финанстә план аиҿкаашьа.

"Реиҳа ихаданы иҟоу ахатәы лагалақәа роуп. Егьырҭ ахәҭақәа шьақәгылоит Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраареи абиуџьеттә инвистициақәеи рыла", — иҳәеит иара.

Сериков иажәақәа рыла адәныҟаекономикатә усура ареспубликатә биуџьет алагалақәа ирхыҵхырҭа хаданы иҟоуп.

"Арҭ – аҳазалхратә шәарақәеи абаџьқәеи роуп. Дара ишьақәдыртәоит ахатәы лагалақәа зегьы рҟынтәи 28 %", — иҳәеит Афинансқәа рминистр.

Аҳәынҭбиуџьет аныхратә хәҭа иреиҳау ахәҭа рзырхоуп амилаҭтә шәарҭадара, аӡбарҭақәа, азинхьчаратә система.

2016 шықәса рзы дара идыртәеит 1,335 миллиард мааҭ. Урҭ рҟынтәи аулафахәы иазырхан 868 миллион мааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0