АҞӘА, хәажәкыра 7 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара реилатәараҟны Зураб Барцыц Аԥсны Аиустициа аминистрра аӡбарҭа анагӡаҩ хада ҳәа далырхит.
Аминистрцәа Реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Лаша Цаава иазгәеиҭеит аӡбарҭатә система заҟа хра аманы аус ауа аҟара атәылаҟны азакәанеиҿкаарагьы ҭышәынтәалоит ҳәа.
Барцыц Зураб Григори-иԥа – диит 1959 шықәса рзы Гәдоуҭа араион, Блабырхәа ақыҭан.
1976 шықәса рзы далгоит Блабырхәатәи абжьаратә школ.
1977 шықәса инаркны 1979 шықәса рҟынӡа Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысуан.
1989 шықәса рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет далгеит.
1997 шықәса инаркны 2003 шықәса рҟынӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылараз Аусбарҭа аиҳабы.
2003 шықәса инаркны 2006 шықәса рҟынӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы.
2006 шықәса инаркны 2014 шықәса рҟынӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада, азеиԥш хылаԥшразы Аусбарҭа аиҳабы.
2014 шықәса инаркны иахьанӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшразы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. 2000 шықәса рзы Аԥсны Ахада Иусԥҟала амилициа аполковник ичын иҭоуп. Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрра амедал «Вбада амаҵзурази» Аԥсны Апрокуратура хада адыргақәа: "Апрокуратура аорганқәа рҟны вбада амаҵзурази" "ҳаҭыр змоу аусзуҩи" ианашьоуп. Дҭаацәароуп. Ҩыџьа ахшара драбуп.