Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арышԥҳа: профессионалла иазыҟаҵоу аиҭагаҩцәа ҳауеит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукАҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иҳаҭыԥуаҩ Ҭамила Арышԥҳа
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иҳаҭыԥуаҩ Ҭамила Арышԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иҳаҭыԥуаҩ Ҭамила Арышԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылеит Будапешт имҩаԥгаз арҵаратә-аиҭагаратә семинарқәа шымҩаԥысыз.

Аиҭагаҩцәа-асинхронистцәа разыҟаҵара хәарҭа змоу усуп, избан акәзар макьана профессионалла иазыҟаҵоу аиҭагаҩцәа ҳамаӡам, абри атәы лҳәеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иҳаҭыԥуаҩ Ҭамила Арышԥҳа.

Аԥсуа бызшәа аспециалист Ҭамила Арышԥҳа далацәажәеит аиҭагаҩцәа-асинхронистцәа разыҟаҵара шымҩаԥысуа

"Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа хә-ҩык Будапешт имҩаԥысуаз арҵаратә-аиҭагаратә семинарқәа ирылахәын. Ари апроект хықәкыс иамоуп аиҭагаҩцәа разыҟаҵара. Аха ус баша аиҭагаҩцәа ракәымкәа, аиҭагаҩцәа –асинхронистцәа. Уи аҟынтә ари апроект иаҳҭахыз хәарҭара злоу проектуп", — ҳәа лҳәеит Ҭамила Арышԥҳа.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иҳаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, ас еиԥш асеминарқәа астудентцәа ахысхьан ҩынтә.

Аиҭагаҩцәа-асинхронистцәа разыҟаҵаразы апроект еиҿнакаауеит "Европа аилак". Ари апроект Аԥсны наԥхгаҩыс дамоуп Агуманитартә зҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи аимадарақәа ирызку амчнаӡа змоу Аԥсны аҳәынҭқаррра ахада ихаҭарнак Зураб Лакербаиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0