АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2013 шықәса рзы Тҟәарчал ахәыҷқәа массала рымгәачмазара Қырҭтәыла иҟоу алабораториа иахҟьазар алшоит ҳәа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Бгоура" (Отобаиа) "Батаигуара" (Набакиа) раркра ахҳәаа аҭо.
"Аԥсны иаԥну қырҭтәыла аҵакыраҿ аус зуа абиолабараториаҟны абиологиатә бџьар аус адырулоит. Иазгәасҭарц сҭахуп шықәсқәак раԥхьа Тҟәарчал араион аҟны аҭыԥ змаз аҭагылазаашьа абри алабароториа иадҳәалазар ҟалап ҳәа", — иҳәеит Кьылба.
Алабороториаҟны аус здыруло амаҭәашьарқәа аӡы иаланы ақалақьуаа рахь инанагазар ауиет, ҳәа азиԥхьаӡоит иара.
Абри инадҳәаланы аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа иҵегьы хылаԥшра аҭалатәуп, ҳәа ишьоит Кьылба.
"Аԥсныи Қырҭтәылеи рыбжьара аушьҭырҭатә ҭыԥ хадак аҟазаара азхоны иҟоуп. Егьырҭ аҭыԥқәа аамҭалатәын. Иаҳаркит. Иаанхо аҭыԥ ауааԥсыреи атранспорти рзы ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәатәуп", — иҳәеит Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ.
2012 шықәса ԥхынгәы 10 рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара арҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа аамҭалатәиқәа ракәны иаанартит. Дара аус рулар акәны иҟан аушьҭырҭатә ҭыԥ хада "Егры" аинфраструктура еиҿкаахаанӡа, иахәҭоу мыругала еиқәыршәахаанӡа.
Арҭ ауснагӡатәқәа азырхоуп аԥсуа-қырҭуа ҳәаа адунеижәларбжьаратә астандартқәа ирықәшәо аиҿкаара, аиҳаракгьы Гал араион аҟны инхо ауааԥсыра ршәарҭадаразы еиԥш Аԥсны ауааԥсыра зегьы рызгьы. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аӡбрала аԥсуа-ақырҭуа ҳәааҟны Набакиеи Отобаиеи роушьҭырҭатә ҭыԥқәа аркхоит. Аха иара убри аан ақыҭа Папынырхәаҿ иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥи ЕгрыГЕС амаҵ ауразы ҷыдала рхы иадырхәо аушьҭырҭатә ҭыԥи русура иацырҵоит.