Нури Кәарҷиа: аубых бызшәа ашьҭыбжь ансаҳа акыр иџьасшьеит

Нури Кәарҷиеи аубых бызшәала ицәажәоз Ҭефиқь Есенџьи иареи аҵыхәтәантәи реиԥылара
Нури Кәарҷиеи аубых бызшәала ицәажәоз Ҭефиқь Есенџьи иареи аҵыхәтәантәи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны Жәлар Рырҿиара Ареспубликатә хадара ахантәаҩы, Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз Нури Кәарҷиа игәалаиршәоит аубых бызшәала ицәажәоз Ҭефиқь Есенџьи иареи аҵыхәтәантәи реиԥылара.

Sputnik Сырма Ашәԥҳа

Аԥсуа жәлар жәынгьы-ҿангьы хьаас иҳамоуп аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа рлахьынҵа. Ус ҳақәнаршәеит аҭоурых. Ахатәы бызшәа змоу амилаҭ, егьа мыҟәмабара рхыргазаргьы милаҭ наӡоуп.

"Сара сазааҭгыларц сҭахуп Ҟабарда-Балкариа аҳҭнықалақь Нальчик акыр шықәса раԥхьа исықәшәаз, аубых бызшәа здыруаз, зықәра ыҟаз аубых ҭаҳмадеи сареи ҳаиқәшәара иазку ахҭыс", — иҳәеит Нури Кәарҷиа. 

Аза Шамԥҳа лҵаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Аза Шамԥҳа: абызшәа адырра ҳџьынџьуаа Аԥсадгьыл агәыбылра днаркуеит, иаднаԥхьалоит

"Зегь раԥхьа иргыланы сара аубыхқәа рахь исымоу агәыбылра ансызцәырҵ, Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иҩымҭа "Ацынҵәарах" санаԥхьа ауп. Аԥсны Жәлар рырҿиаратә центр ахадареи, Нхыҵ-Кавказтәи аҟазаратә рҿиаратә еилазаарақәеи ҳареи акрааҵуеит аимадарақәа ҳабжьоижьҭеи. Аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Нальчик ақалақь снанагеит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иалагаанӡа шықәсык зны.

Сара ааԥхьара сызҭаз Бетуганов Ауес Абу-иԥа иҳәо саҳаит, Ҭырқәтәылантәи Нальчик дааны дшыҟоу аҵыхәтәантәи аубых бызшәа здыруа ацынҵәарах. Уи Нальчикҟа иаара хықәкыс иаман иара иидыруаз аубых бызшәа уа инхо аҵарауаа иҭарҩырц. Иара убас, Ауес Бетуганов иҳәеит, Аԥснынтә аԥсуаа аараны ишыҟаз иҭаҩразы, аха аӡәгьы ихабар макьана ишыҟам. "Дышԥамааи? Сара арахь сзааз уи ауми", сҳәеит иаразнак. "Аԥсныҟа дызгарц саарышьҭит", ҳәа нацысҵеит аԥсуаа рыхьымӡӷ рхысхырц азы.  

"Иара дахьыҟоу снаугароуп", ҳәа сиҳәеит. Усҟан Ҟабарда-Балкариа ахадас иҟаз Коков иԥсшьарҭа аҩнаҟны дыҟан. Ус уахь анеирагь мариаӡамызт, ихылаԥшуан. Зыӡбахә сҳәо сҩыза еицырдыруа уаҩуп, иара ибзоураны иара иахь анеира сылсыршеит. Иахьеиԥш исгәалашәоит абырг ҟәыӷа ихаҭара. Иааигны, днаҳаракны, ахылԥа еилаԥсаны ихан, иара ихатә ҳақьым дицын. Аԥсшәа ааибаҳҳәеит, аха адыг бызшәала инасаҭеикит иара. Иҿаԥхьа саахырхәеит. Исыцыз сҩыза иахь аҳәара ҟасҵеит, аубых ҭаҳмада ибызшәала дсацәажәарц.

Шьенер Ҳәмарба - Sputnik Аҧсны
Шьенер Ҳәмарба: аԥсуара саналацәажәо сгәы ԥшаауеит

Сара сызусҭаз иеиҳәеит, иара ихьӡала Аԥснынтә сшаарышьҭыз. Иара Ҭефиқь Есенџь ихьӡын, ҳаибадырит. Иҳацыз аҭырџьман иаҵкыс аҭаҳмада ицәажәара сара еиҳа еилыскаауашәа збеит. Азеиԥш ажәақәа, ажәытә ажәақәа, адгьыл иадҳәалоу, аарыхра иадҳәалоу уҳәа, убых бызшәала ииҳәоз зегьы аԥсышәала иҳәозшәа исзааит, аԥсуа бызшәа акыр иазааигәан. Зны абаза бызшәа ишԥеиԥшу сҳәеит, зны зынӡа аԥсшәа ишԥеиԥшу сҳәеит, даҽазных адыга бызшәа ишԥазааигәоу сҳәеит. Кавказтәи абызшәақәа зегьы еилаԥсаны иҳәозшәа исзааит. 

Аԥсныҟа дҳазнеирц иҟасҵаз аҳәаразы аҭак иара иҟаиҵаанӡа, иҳақьым ус насаҭеикит: "Иҭабуп ааԥхьаразы, аха дызнеиӡом игәы бзиаӡам, иаарласны Ҭырқәтәылаҟа ҳхынҳәыроуп", иҳәеит. Иара иқәрагьы маҷмызт, уахьынаихәаԥшуаз 80 шықәса инацны ихыҵуама уҳәон. Ҩымш ааҵуаны амҩа иқәлеит, саргьы инаскьагара срыцын. 

Баданыҟәа ҳәа зыжәлаз арепатриант убра дыҟан, уажәы Лазаревск дынхоит ҳәа ауп ишыздыруа, "Адыга-Хасе" еиҳабыс иамаз убригь дҳацын. Ҳазегьы ҳаидгыланы ҳфотосахьақәа ҭаҳхит. Иахьагьы еиқәырханы исымоуп, разҟны аибашьра иацәынхагәышьеит уи асахьа. Сара сынасыԥ иалан сҳәарц сылшоит, аҵыхәтәантәи аубых бызшәа здыруаз аубых Ҭефиқь Есенџь ибара, иацәажәара. Анаҩс, ҩаԥхьа разҟыс исыман Ҭырқәтәыла ҳдиаспора ахьынхо ацара, аубых қыҭа Ианық аҭаара. Убра аконцерт ҳаман.

Мураҭ Бабал-иԥа - Sputnik Аҧсны
Мураҭ Бабал-иԥа: сыԥсадгьыл аӡбахә ансаҳа Аԥсныҟа сызлаара амҩа сашьҭалеит

Аконцерт иалагаанӡа, аконцертқәа адәаҿы амҩаԥгара бзиа ирбоит, зықьҩыла ауаа ахәаԥшырц инеит, аҟәардәқәа рҿы итәан зегьы. Аҟәардәқәа срыбжьаланы сҿынасхеит, аубых бызшәа здыруа аӡәыр дысзыԥшаауазар ҳәа, аҭырқә бызшәа здыруаз аӡә дсыцын, уи еиҭеигон исҳәоз. Ахы-аҵыхәа зегьы сакәшеит, аха уаҳа издыруаз уаҩ дсымбеит. Рыцҳарас иҟоу, шамахамзар иуԥылаӡом аубых бызшәа зҳәо. Иҟоуп ажәак, ҩажәак здыруа, аха иааидкыланы ицәажәартә еиԥш аиқәырхара залыршамхеит.

Уи абырг ишиҳәоз еиԥш изҳәоз уаҩ даанымхагәышьеит. Ҭефиқь Есенџьи сареи ханеибаба анаҩс, ҩымз аамҵыцкәа иԥсҭазаара далҵит. Иара ибара, аиаша шәасҳәоит, акыр саршанхеит, аԥсцәа гылазшәа исзааит. Аубых бызшәа адунеи ианыӡаахьеит ҳәа акәын ишаҳдыруаз, ашьҭыбжь ансаҳа акыр иџьасшьеит.  

Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" афырхаҵа лабҿаба саԥхьа даагылазшәа исыдыскылеит. Абас еиԥш агәаԥхара зцыз аибабара сыԥсҭазаараҿы исхамшҭуа хҭысны иаанхоит. Иара ила ихыубаалон мшын ҵаулак аҟара жәларык зегьы рлахьынҵа, рҭоурых, рҟәышра, раамсҭашәара. 

Ажәабжьқәа зегьы
0